Афорум ахь иара убас ааԥхьара роуит Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламенти Абжьаҟазаратә ӡбарҭеи.
Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент аҟынтәи афорум рхы аладырхәуеит Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәбеи Апарламент Аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Аршбеи, Абжьаҟазаратә ӡбарҭа аҟынтәи – аӡбарҭа ахантәаҩы Фатима Кәыҵниа.
Афорум ихадоу аусуратә хәҭа мҩаԥгахоит «Экспофорум» аҿы. Араҟа иӡыргахоит идуӡӡоу урыстәылатәи аилазаарақәа рыстендқәа, иара убас ицәыргахоит аинвестициатә проектқәа, атуризми аинновациақәеи ҷыдала аҭыԥ ахьааннакыло Урыстәыла арегионқәа рцәыргақәҵатә зонақәа.
Бадра Гәынба апленартә еилатәара далахәхоит.
Иара убас иара Петербургтәи Жәларбжьаратәи аекономикатә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны Санкт-Петербург иҟоу аусутә еилахәырақәа рхаҭарнакцәеи, Урыстәыла аҳәынҭқарратә усзуҩцәеи, аԥсуа диаспора рхаҭарнакцәеи дырԥылараны дыҟоуп.
Афорум тема хадас иамоуп «Азеиԥш ҵакқәа – аполиаррацәатә дунеи аҿы аизҳара ашьаҭа».
Аусмҩаԥгатә аусура ихадоу ԥшь-хырхарҭак рыла ишьақәгылоуп: «Аҿиара аекономика: еизҳарала аиқәыршәара», «Атехнологиақәа: аԥхьагылара аҽазышәара», «Аԥсҭазааразы аҭагылазаашьақәа», «Ауаҩы адунеи ҿыц аҟны».