АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 19:57

Аԥсны инхо Урыстәыла атәылауаҩра змоу атәанчаҩцәа атәанчахәы роулоит абанктә хсаалага ПСБ ахь мацара.

Аҟәа. Рашәарамза 18, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны инхо Урыстәыла атәылауаҩра змоу атәанчаҩцәа атәанчахәы роулоит абанктә хсаалага  ПСБ ахь мацара, абри атәы аанацҳауеит абанк апресс-маҵзура.

Атәанчахәқәа ПСБ ахсаалагақәа рахь мацара ахыԥхьаӡалара аԥҟарақәа рҽырыԥсахуеит нанҳәамза инаркны. Иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо атәанчаҩцәа абанк ПСБ ахсаалагақәа аиуразы заанаҵы иманшәалоу аамҭа алхны рыҽҭарҩыр рылшоит, хәыда-ԥсадатәи аҭел ала. Иара убас ареспублика иахьаҵанакуа иаарту Аԥсны Аҵәахбанк аҟәшақәа 12 иадҵаалар рылшоит.

Иахьыҟоу аҭыӡҭыԥқәа ахсаалаҿы иарбоуп.

Зныҟәара ԥку атәылауаа рахь агәыԥ ҷыда есыҽны абанктә хсаалагақәа рызнаргоит, амҽыша ада.

 «Иахьатәи амш азы абанк ПСБ ахсаалагақәа роухьеит 19 000-ҩык инареиҳаны Аԥсны инхо Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа. Убас ала, ҳара асоциалтә шәатәқәа зауа ҳџьынџьуаа реиҳараҩык абанктә хсаалагақәа рыла реиқәыршәара алҳаршахьеит. Абанк ПСБ ахсаалагақәа рыҭара иалагеит мшаԥымза 18 инаркны. Уи иабзоураны Аԥсны инхо атәанчаҩцәа уи анҭыҵ имцакәа аҭыԥаҿы абанктә хсаалақәа раиуразы алшара роуит.  Иарбоу ахсаалагақәа Урыстәыла Асоциалтә фонд аҟынтәи атәанчаҩратәии асоциалтәи ашәатәқәа. Ахсаалага иаразнактәиуп – аклиент уи 20 минуҭ рыла иоуеит», – ҳәа иазгәеиҭеит абанк ПСБ  ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Михаил Дорофеев.  

Аԥсны иҭыҵуа адебеттә тәанчаҩхәытә хсаалагақәа ПСБ Урыстәыла иҭыҵуа аиԥш зеиԥшу ахсаалагақәа рылшарақәа зегьы амоуп.

Аԥсни Урыстәылеи иҟоу абанкоматқәа зегьы рыҟны иарбоу банктә хсаалагақәа рыла процентда  30 нызықь мааҭ рҟынӡа амхра ҟалоит. Абанк ПСБ абанкоматқәеи абанк-партниороқәа рбанкоматқәеи рҿы аԥара напынҵа рамхра хәыда-ԥсадахоит.

Абанк ПСБ ахсаалагақәа реиқәыршәареи рыҭареи мҩаԥысуеит абарҭ аҭыӡҭыԥқәа рыла иҟоу  Аԥсны Аҵәахырҭатә банк  12 ҟәша рыҟны:

 – ақ. Аҟәа, Ешба имҩа, аҩ.№167.

– ақ. Аҟәа, Аиааира Апроспект, аҩ.№ 84.

– ақ. Аҟәа, Лакоба имҩа, аҩ.№4.

– ақ. Гагра, Абазгаа рымҩа, аҩ.№55/4.

– ақ. Пицунда, Гыцба имҩа, аҩ.№3.

– ақыҭа Цандрыԥшь, Октиабртәи амҩа, аҩ.№242.

– аҳабла Бзыԥта, Лакоба имҩа, аҩ.№10.

– ақ. Гәдоуҭа, Чачба имҩа, аҩ.№3.

– ақ. Афон Ҿыц, Ҳаразиа имҩа, аҩ.№2.

–аҳабла Агәыӡера, Курчатов ипроспект, аҩ.№27. – ақ. Очамчыра, Б.У. Шьынқәба имҩа, аҩ.№97.

 –ақ. Ҭҟәарчал, Аԥсилаа рымҩа, аҩ.№5.

Абанк ПСБ абанктә хсаалага ахархәара аганахьала ауадаҩрақәак цәырҵызар абри аҭел ала адҵаалара хымԥадатәиуп 4444 (аимадара иааиԥмырҟьаӡакәа уахи-ҽни имҩаԥысуеит, Ареспублика Аԥсны иахьаҵанакуа амобилтә ҭелқәа рыла уасыр алшоит), Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи уасуазар абри аҭел аномер –8 800 333 03 03 ахь уасыр ауеит. Абанк ПСБ апресс-маҵзура.     

 

 

 

 

 

 


Read 54 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.