АЖӘАБЖЬҚӘА

18.Рашәара.2025

Владимир Делба Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара азҵаарақәа рзы аусратә еилатәара мҩаԥигеит.

Аҟәа. Рашәарамза 18, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр Владимир Делба Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара азҵаарақәа рзы аусратә еилатәара мҩаԥигеит.  

Аилатәара иалахәыз Аԥсни Урыстәылеи аминистрақәеи ахылаԥшырҭақәеи рхаҭарнакцәа Аԥсны аекономика ихадоу аусхкқәа –  аенергетика, атуризм, атранспорт, иара убас агәабзиарахьчареи аҵарадырреи, аинвистициатә климат, еиҭамҵуа амазара акадастр, ашәахттәи аҳазалхратәи анапхгараҭара, акоммуналтә инфраструктура, ауааԥсыра рсоциалтә хьчара рыҿиара аусуратә хсаалақәа рыпроектқәа ирылацәажәеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.

Рашәарамза 16 инаркны Аԥсны иҟоу урыстәылатәи аделегациа Аԥсны аекономика аусхкқәа рыҿиара ахсаалақәа анаҩстәи рышьақәырӷәӷәареи аус рыдулареи рзы аԥснытәи рколлегацәа алархәны аусуратә еиԥыларақәа мҩаԥыргоит.

Рашәарамза 16 рзы Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вольвач далархәны аилатәара мҩаԥысит. Уаҟа Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара асоциал-економикатә усеицуреи  ХХ Анапхгарабжьаратәи акомиссиа аилатәара аҽазыҟаҵареи амҩаԥгареи рзы Анапхгарабжьаратәи акомиссиа ацхантәаҩцәа рыӡбамҭақәа рынагӡара азҵаарақәа ирылацәажәеит. 

Урыстәылатәи аделегациа Аԥсны аусура хнаркәшоит рашәарамза 18 рзы.  


Read 117 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.