Аԥарақәа аказначеираҿы иҟоу хаҭалатәи аԥхьаӡамҭақәа рахь инеилоит, урҭ рҟынтәгьы иныххоит. Хықәкылатәи аԥарақәа рыла аоперациақәа мҩаԥысуеит Амилаҭтә Банк аҿы Афинансқәа рминистрразы иаарту аԥхьаӡамҭақәа рыла, абиуџьеттә процесс иалахәым аиуристтә хаҿқәа рԥарақәа раҳасаббаразы.
Аԥарақәа риагара алыршахоит ахарџьқәа рсанкциа ашьҭахьи аусшәҟәқәа ргәаҭара ашьҭахьи.
«Аҳәынҭқарратә еилаӡарақәеи аиқәшаҳаҭрақәеи рҿы хымԥада аԥкрақәа ыҟазароуп:азакәан ала иазԥхьагәаҭамзар, егьырҭ аиуристтә хаҿқәа рыԥҟаԥҵәатә капитал ахь алагалақәа рыҟаҵара ақәиҭымтәра, адепозитқәеи егьырҭ афинанстә инструментқәеи рҿы аԥарақәа ралагалара ақәиҭымтәра. Аоперациақәа зегьы иҷыдоу аидентификаторқәа имҩақәырҵоит.
Аҳәынҭқарратә маӡақәа ирыҵаркуа аилаӡарақәа хазы игоу аԥҟарақәа рыла имҩаԥгахоит.
Аусшәҟәы шьақәырӷәӷәоуп 2025 шықәсазтәи абиуџьет азакәан инақәыршәаны», – ҳәа иҳәеит афинансқәа рминистр.
Аԥыза-министр Владимир Делба аҳәынҭқарра аԥарақәа аҳәынҭқарратә банкқәа рыла ахархәара аиуроуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.
«Уажәы Аказначеира банкны иҟаӡам, Аказначеира аҿы иаарту аԥхьаӡарақәа зегьы Амилаҭтә банк ауп изтәу. Убри аҟнытә абиуџьеттә хархәагақәа реихшара аказначеитә мҩаԥгара ацны аҟазаара уи аеффективра ашьҭыхра адагьы, еиҳа ирласны аԥаратә хархәагақәа рхархәара алыршара иацхраауеит», - ҳәа иҳәеит Владимир Делба.