АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 8:49

Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Тамшьтәи адесант иалахәыз ҳаҭырла игәалаиршәеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 2, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа, ҧхынгәымза 2 рзы, 32 шықәса ҵит Тамшьтәи арра-амшынтә десант ӡхыҵижьҭеи. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада  Бадра Гәынба Тамшь ақыҭа аибашьцәа Рмемориал амҵан ашәҭқәа шьҭаиҵеит.

Аусмҩаԥгатә иалахәын Ахада ихаҭыԥуаҩ Бигәаа Беслан, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа, Апарламент адепутатцәа, Аиҳабыра алахәылацәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа, Тамшь ақыҭа анхацәа.

Аҳәынҭқаара Ахада ихаҭыԥуаҩ, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Бигәаа Беслан агәалашәаратә усмҩаԥгатә аҟны дықәгыло, иазгәеиҭеит, Тамшь иӡхыҵыз адесант иалахәыз зегьы  шфырхацәоу.

«Ари ус баша жәыларамызт - уи иаҭахын ахаҵареи агәаӷьреи. Аӡәырҩы аҷкәынцәа ҭахеит, урҭ ргәалашәара лаша ҳҭоурых аҟны наӡаӡа иаанхоит», - ҳәа иҳәеит Бигәаа Беслан.

Атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Давид Бжьаниа Тамшьтәи аоперациа дахцәажәеит, уи атәыла ампыҵахалаҩ иҟынтәи ахақәиҭтәразы иаҵаз аҵакы дазааҭгылеит.

«Ԥхынгәымза 2, 1993 шықәса рзы ихацыркыз  ари аоперациа аламҭалаз, ақырҭуа архәҭақәа артиллериатә мцеи абзарбзантә шьақәгылақәеи атанкқәеи акәылӡтәы техникеи рхархәарала афронт ацәаҳәа зегьы иахьаҵанакуа аԥсуа архәҭақәа рхырӷәӷәарҭақәа реилагаразы аҽазышәара ҟарҵеит. Ӷәаӷәала аиҿагылара ҟалеит. Мрагыларатәи афронт архәҭақәа ажәыларақәа мҩаԥго амшынтә десант аӡхыҵра алдыршон. Аоперациа иалахәын акомандаҟаҵаҩ Мираб Кьышьмариа напхгара зиҭоз Мрагыларатәи афронт аполкқәа хԥа. Афронт архәҭақәеи агәыԥқәеи аамҭак ала еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла ижәыло, ишьаарҵәыраз аидысларақәа мҩаԥго аиланхарҭақәа жәпакы ахы иақәиҭыртәит, иара убри ала адесант аӡхыҵразы иманшәалоу аҭагылазаашьа аԥҵо.  Мрагыларатәи афронт адесант алахәылацәеи аруааи еиқәшәеит, урҭ рҽеидкыланы астратегиатә ҵак ду змаз амҩаду Очамчыра-Аҟәа ааныркылеит, уи алагьы еиԥырҟьеит аӷа ири итехникеи амцашыра иалагылаз Аҟәа ақалақь ахь рынашьҭра. Аҭыԥ аҿы еицымҩаԥыргон хыԥхьаӡарала акыр еиҳаз, бџьарла еиқәных иҟаз аӷа  хҩахахак изымҭоз ажәыларақәа. Ҳаибашьцәа ирҿагылан аӷа имотохысратә баталионқәа ааба, итанктә бригада, иартиллериатә дивизион.  Анаҩс аԥсуа архәҭақәа аӷа ааха ирҭеит аҩада-мраҭашәаратәи рхырӷәӷәарҭаҿы. Абас ала ԥхынгәымзазы имҩаԥгаз ажәыларатә операциа афронтқәа зегьы рҿы ақәҿиарақәа аиуит. Дара иуадаҩыз аидысларақәа рҿы ириааины аԥсуаа иааныркылеит ақыҭа Шромеи, астратегиатә ҵакы ду змаз аҳаракырақәа Цугуровкеи, Аҳбҩықи. Мрагыларатәи афронт аҿы активла имҩаԥысуаз аибашьра иабзоураны Ҭҟәарчал маҷк аԥсеивгара аиуит, аӷа уаанӡеиԥш инеиԥынкыланы ақалақь шьҭа далахысуамызт», – ҳәа иҳәеит Давид  Бжьаниа.

 Ари ажәыларатә операциа амҩаԥгараан иҭархан шәҩыла ақырҭуа гвардееццәа, хыԥхьаӡара рацәала арратә техника, трофеи ҳасабла иган еиуеиԥшым абџьар, аџьаԥҳаны.

Давид Бжьаниа иара убас иазгәеиҭеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Арратә мчқәа Ркомандаҟаҵаҩ Хада Владислав Арӡынба Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа Очамчыра араион Тамшь ақыҭан арратә операциа амҩаԥгараан иаадырԥшыз афырхаҵара, агәымшәара, аҟазара ҳарак азгәаҭо амшынтә десант алахәылацәа, Мрагыларатәи афронт арҟәшақәа, Ареспублика Арра-мшынтә мчқәа аџьшьара шриҭаз, еиҳа зҽалызкааз аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ранашьаразы рыхьӡ шҳәаз.

«Тамшьтәи аоперациа аибашьараҿ аиааира агаразы реиҳа аҵакы змаз иреиуан, уи – зегь ззыԥшыз амш арааигәара алзыршаз операциан. Ҳара Аԥсны ахақәиҭреи ахьыԥшымреи зхы ақәызҵаз иреиӷьу аҵеицәа ргәалашәара наунагӡа иҳацзаауеит. Хашҭра рықәымзааит Афырхацәа хьӡырҳәагақәа!» – ҳәа иажәа хыркәшо иҳәеит Давид Бжьаниа.

 

 


Read 97 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.