Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала ишәыдысныҳәалоит Аҟәа ақалақь Амш – ҳҳәынҭқарра аҳҭнықалақь аныҳәамш!
Ҳара ибзианы иаадыруеит азқьышықәсақәа раамҭақәа рышьҭамҭа ззынрыжьыз, ажәытәра еиқәырханы иаазго, аамҭақәа ирыҵамхо ақалақь Аҟәа ҳтәыла аҭоурых аҟны есқьынгьы инанагӡоз ароль.
Ҷыдала иҭабуп ҳәа раҳҳәоит 1992–1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ахҟьа-ԥҟьақәа рышьҭахь Аҟәа аԥсҭазаара азырхынҳәра, аиҭашьақәыргылара иалахәыз зегьы, иара убас иахьагьы ҳаҳҭнықалақь аԥшӡара еихаҳауа, асоциал-економикатә проектқәа рыҿиареи рынагӡареи зџьабаа аду.
Иеизҳазыӷьалааит, иҿиалааит аринахысгьы Аҟәа, иҟазааит есқьынгьы игәыҟаҵаганы, зегьы ҳзы аԥхарра, агәыкра ацны!