АЖӘАБЖЬҚӘА

02.Жьҭаара.2022

ЖЬҬААРАМЗА 2 РЗЫ ГАГРА АҚАЛАҚЬ ҚЫРҬТӘЫЛА АҲӘЫНҬСОВЕТ АРХӘҬАҚӘА РҞЫНТӘИ АХАҚӘИҬТӘРА АМШ 30 ШЫҚӘСА АХЫҴИТ. .

Аҟәа. Жьҭаарамза 2, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза 2 рзы Гагра ақалақь Қырҭтәыла аҳәынҭсовет архәҭақәа рҟынтәи ахақәиҭтәра амш 30-шықәса ахыҵит.

Жьҭаарамза 2,1992 шықәса рзы Аԥснытәи арратә хәҭақәа хатәгәаԥхарала еибашьуаз рыцхыраарала Гагра ахақәиҭтәразы қәҿиарала ажәылара мҩаԥыргеит, жьҭаарамза 6 рзы –Аԥсны Аҩада-Мраҭашәаратәи ахәҭа зегьы ахы иақәиҭхеит. Ари Аԥснытәи архәҭақәа раԥхьатәи риааира акәын.

Аҭоурыхҭҵааҩы Уаликәа Ԥачлиа ишәҟәы «1992-93 шш. Қырҭтәылеи Аԥсни реибашьра» аҿы ишыиҩуаз ала, «аӷа  итанкқәа, иабџьар, иџьаԥҳаны, уҳәа зегьы кажьны дхьаҵны Гьечрыԥшьҟа ихы ирхеит. Анаҩс аҿагылаҩцәа рыхәҭак еиԥхьытта абнареи ааигәа-сигәа иҟаз ақыҭақәеи рҿы рҽырҵәахит, егьырҭ, ирымаз абџьар ааныжьны Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьоу аҳәаа иахыҵны ицеит.  Жьҭаарамза 6, 1992 шықәса рзы, асааҭ 6, 40 минуҭи рзы Ԥсоу ала ицо Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьоу аҳәынҭқарратә ҳәаа аҿы иахашәыршәырит Аԥсны Аҳәынҭқарра абираҟ.

Қәҿиарала имҩаԥгаз Гагратәи ажәыларатә операциа иалҵшәаны абарҭ қырҭтәылатәи архәҭақәеи аҟәшеиҵақәеи рықәгара алыршахеит: Дидгортәи, Цхалтубатәи, Руставтәи, Қәҭешьтәи, 101-тәи Гагратәи абаталион, иара убас илыԥшааху арратә ҟәшеиҵақәа – «Мхедриони» (Џь. Иоселиани), «Тетри арциви» (Гь. Ҟарҟарашвили).

Гагра ақалақьи уи иаԥну араионқәеи рхақәиҭтәразы ажәыларақәа рымҩаԥгарала аԥсуа архәԥақәа иргеит  35 цыра рҟынӡа арратә техника, жәабала артиллериатә шьақәгылагақәа, аминаршәгақәа, хыԥхьаӡара рацәала аџьаԥҳаны»,- ҳәа иазгәаҭоуп ашәҟәы аҿы.  

Гагратәи ажәыларатә  операциа аҿы, аҭоурыхҭҵааҩ иажәақәа рыла, аԥсуаа рганахьала иалахәыз рҟынтәи автоматтә бџьарла еибыҭаз рхыԥхьаӡара 570-ҩык рҟынӡа инаӡоит. Егьырҭ аибашьцәа ашәарыцага шәақьқәа ракәын иркыз (зыхҭаларшә 12 и 16 мм. рҟынӡа инаӡоз). Иара убри аамҭазы ақырҭуа архәҭақәа рҟынтәи ари ажәылара иалахәыз рхыԥхьаӡара ԥшьнызықь ҩык иреиҳан. Урҭ ацхыраара рырҭон 40 инареиҳаны акәылӡтехника, жәабала артиллериатә шьақәгылагақәа, аминаршәгақәа, иара убас авиациа.

Аибашьыгатә техника акәзар, уи аԥсуа еибашьцәа усҟан ирыман атанкқәа ҩба- Т-55 , иара убас аполктә минаршәгақәа ҩба.

«Гагратәи ажәыларатә операциа амҩаԥгара иалҵшәаны Аԥсны ақырҭуа блокада иалҵны адгьылмҩала Урыстәылатәи Афедерациа аҟынӡа анаӡаразы алшара роуит. Хыԥхьаӡарала акыр имаҷу, зылшарагьы ԥку аԥсуа жәлар миллионҩыла еилоу Қырҭтәыла аҿагылара алшаӡом ҳәа адунеитә еилазаара аҿы иҟаз агәаанагара аҽаԥсахит. Аԥсны ажәлари анапхгареи аӷа ииааира шалыршахо азы ирымаз агәрагара еиҳагьы аҽарӷәӷәеит», - ҳәа ишәҟәы аҿы иҩуеит Уаликәа Ԥачлиа.


Read 382 times - Аԥшьаша, 13 Жьҭаара 2022 16:51
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.