Аҟәа аҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаныабанк ахаҭарнакра аартра ацеремониа мҩаԥысит. Уи иара убас рхы аладырхәит Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба, В рамках поездки в Сухум состоялась церемония открытия представительства банка, Аԥсны иҟоу аҷыдалкаатә зинмчы змоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин.
Иахьатәи амш азы абанк ПСБ ахсаалагақәа роухьеит 98% Аԥсны инхо Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа. Убас ала, асоциалтә шәатәқәа зауа Урыстәыла атәылауаҩра змоу аԥснытәи атәанчаҩцәа реиҳараҩык абанктә хсаалагақәа рыла реиқәыршәара алыршахеит.
Нанҳәамза, 2025 шықәса инаркны Аԥсны инхо Урыстәыла атәылауаҩра змоу атәанчаҩцәа атәанчахәы роура аԥҟарақәа рҽырыԥсахуеит, урҭ ртәанчахәқәа абанктә хсаалага ПСБ ахь мацара ахь иахыԥхьаӡалахоит. Абанкабанк ПСБ ахсаалагақәа раиура иахьмӡаз атәылауаа рҟынтәи азыҳәамҭақәа рыдкылара иазку аусура иацнаҵоит.
Ҳаԥхьаҟа абанк аклиентцәа ареспублика аҿы, абри аҭыӡҭыԥ ала: ақ. Аҟәа, Леон имҩа, аҩны №41 иаадыртыз ахаҭарнакра ала ацхыраара рыҭара иацнаҵоит.
«Иахьатәи амш азы абанк ПСБ ахсаалагақәа роухьеит 20 000-ҩык инареиҳаны Аԥсны инхо Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа, уи иаанаго ҳара маҷк ада, Аԥсны инхо ҳџьынџьуаа атәанчаҩцәа зегьы абанк ПСБ ахсаалагақәа раҳҭеит, ҳхыдҵа анагӡара ахыркәшарахь инеит ауп. Ҳара ахсаалагақәа змауц рҟынтәи азыҳәамҭақәа рыдкылара иацаҳҵоит. Аҟәа ақалақь аҿы абанк ПСБ ахаҭарнакра аартра абанк ареспублика аҿы аҟазаара аганахьа акыр зҵазкуа шьаҿаны иҟалеит – араҟа абанктә хсаалагақәа аус рыдулара иадҳәалоу азҵаарақәа реиҳарак Аԥсны анҭыҵ ацарада аҭыԥаҿы иуӡбар алшоит. Аӡәырҩы рзы уи даараӡа иманшәалоуп», – ҳәа ахаҭарнакра аартраан дықәгыло иазгәеиҭеит Михаил Дорофеев.
ПСБ ахаҭарнакра аҿы иарбоу аҩанк ахсаалагақәа змоу ахсаалагақәа рмаҵзура аганахьала азҵаарақәа жәпакы рыла аконсультациақәа роур алшоит, иара убас иаҭахханы иҟалар ахатә дыррақәа рыԥсахразы алшарақәа рзаԥҵахоит.
Иарбоу ахсаалагақәа Урыстәыла Асоциалтә фонд аҟынтәи атәанчаҩратәии асоциалтәи ашәатәқәа рхыԥхьаӡалахоит. Ахсаалага иаразнактәиуп – аклиент уи 20 минуҭ рыла иоуеит», – ҳәа иазгәеиҭеит абанк ПСБ ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Михаил Дорофеев. Аԥсны иҭыҵуа адебеттә тәанчаҩхәытә хсаалагақәа ПСБ Урыстәыла иҭыҵуа аиԥш зеиԥшу ахсаалагақәа рылшарақәа зегьы амоуп. Аԥсни Урыстәылеи иҟоу абанкоматқәа зегьы рыҟны иарбоу банктә хсаалагақәа рыла процентда 30 нызықь мааҭ рҟынӡа амхра ҟалоит.
Абанк ПСБ абанкоматқәеи абанк-партниороқәа рбанкоматқәеи рҿы аԥара напынҵа рамхра хәыда-ԥсадахоит.
Абанк ПСБ абанктә хсаалага ахархәара аганахьала ауадаҩрақәак цәырҵызар абри аҭел ала адҵаалара хымԥадатәиуп 4444 (аимадара иааиԥмырҟьаӡакәа уахи-ҽни имҩаԥысуеит, Ареспублика Аԥсны иахьаҵанакуа амобилтә ҭелқәа рыла уасыр алшоит), Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи уасуазар абри аҭел аномер –8 800 333 03 03 ахь уасыр ауеит. Абанк ПСБ апресс-маҵзура.