АЖӘАБЖЬҚӘА

03.Жьҭаара.2022

АСЛАН БЖЬАНИЕИ МИХАИЛ ШУРГАЛИНИ РЕИԤЫЛАРА МҨАԤЫСИТ

Аҟәа.  Жьҭаарамза 3, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аслан Бжьаниеи Михаил Шургалини реиԥылара мҩаԥысит.

Иахьа Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны иҟоу Аҷыдалкаатәи Азинмчы змоуи Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин дидикылеит.

Ирылацәажәеит аҩ-ҳәынҭқаррак реилибакаара арӷәӷәара хықәкыс измоу аҩганктәи аусеицура азҵаарақәа.

Аиԥылара иалахәын Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Аҳәынҭқарра Ахада Иаусбарҭа Анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ-ацҳаражәҳәаҩ Максим Литвинов.


Read 416 times - Аԥшьаша, 13 Жьҭаара 2022 16:51
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.