Аҵарадырратә программа хацыркхеит архитектуреи адизаини рганахьала иԥхьагылоу урыстәылатәи аексперт, апроекттә гәыԥ «Поле-Дизайн» анапхгаҩы, Москватәи Архитектуратә Институт (МАРХИ) акафедра «Дизайн архитектурной среды» адоцент Владимир Кузьмин дзыԥхьоз алекциақәа рыла.
Алекциақәа рҿы иазааҭгылеит «Ақалақьтә ҭҵаарақәа: ақалақьтә ҵакыра аҭҵаара аинструментқәеи аметодқәеи»; «Аобиект ахаҿи анызаарҭеи аус рыдулара: актуалра злоу архитектуратә ԥышәа» ҳәа реиԥш иҟоу ихадоу атемақәа. Алахәылацәа акыр зҵазкуа адыррақәа рнаҩс, актуалра злоу азҵаарақәа рзы аексперт ирыҿцәажәартә еиԥш алшара роуит, иара убас адискуссиақәа рхы аладырхәит.
Аусмҩаԥгатә еиҿкаахеит Аҟәа ақалақь аҿы иҟоу Москва Аҩны ала. Уи адгылара анаҭеит Москва ақалақь Анапхгара, Москва ақалақь адәныҟаекономикатәи жәларбжьаратәи аимадарақәа Рдепартаменти Москватәи аидгьылуаа Рыҩни.