Ахәынҭқарра Ахада иҳәеит ас еиԥш аҟазара ахкы аҟны Аԥсны иалҵыз аҭыԥҳа аихьӡарақәа илымоу дышрызгәдуу, еиуеиԥшым асценақәа рыҟны Аԥсны ахьӡала дшықәгыло, апроектқәа дышрылахәу азгәаҭаны, «Хьыбла Гьерзмаа шәаалыԥхьоит…» афестивальгьы налаҵаны.
Аҳәынҭқарра Ахада иҳәеит ишидыруа Ҷкотуа Кристина арҵаҩра далагарц азы агәаҳәара шлымоу атәы, артист лаҳасабала мацара акәымкәа, арҵаҩра аус аҟынгьы лхы ԥылшәарр шылҭаху. Илзеиӷьеишьеит аԥхьаҟагьы арҿиаратә еихьӡарақәа, аҿар рзы ҿырԥшыга бзианы дшыҟоу азгәаҭаны.
Кристина Ҷкотуа Ахада иҭабуп ҳәа иалҳәеит азҿлымҳара, адгылара ахьлырҭо азы, Аԥсны хаҭарнакра азуразы алшара ахьлымоу гәадураны ишылыԥхьаӡо азгәаҭаны.