Акоманда алахәцәа Аҳәынҭқарра Ахада иҭабуп ҳәа иарҳәеит аицлабра аҽалархәразы алшара ахьриҭаз азы.
Аиԥылараҟны иазгәаҭан аԥсуа ган ахаҭарнак Ашәба Саид хаҭалатәи аицлабраҟны актәи аҭыԥ шигаз. Аҳәынҭқарра Ахада уи идиныҳәалеит, изеиӷьеишьеит аихьӡарақәа.
Акоманда алахәцәа Аҳәынҭқарра Ахада адырра ирҭеит сынтәа Пуерто-Рико имҩаԥысраны иҟоу Адунеи ачемпионат аҽалархәра ргәы ишҭоу атәы.
Ирҳәеит сынтәа ҭагалан Аԥсны амҩаԥгара ргәы ишҭоу Аԥсны Адомино Афедерациа актәи ахада Габуниа Артур игәалашәара ахьӡала жәларбжьаратәи атурнир, иара убас 2026 шықәсазы Адомино азы адунеи ачемпионат.
Аҳәынҭқарра Ахада арҭ аԥшьгарақәа дышрыдгыло атәы азгәаҭаны, иҳәеит ас еиԥш азыӡба адкылара аныҟала, атәыла анапхгара иаҭаху зегьы шыҟанаҵо ачемпионат иахәҭоу аҩаӡараҟны амҩаԥгара алыршаразы.