Иара иажәақәа рыла, асҟьала аԥхьанатә апассаџьыртә ӷбақәа рыдкылара иазхиан, аха «Камета» азы уи аԥшәма иҟаиҵаз аҳәарала инацҵаны амԥҽыгатә шьақәгылагақәа аҭаххеит. Иаҭаххеит. Иара убас асқьала аҭеиҭыԥш рҽеин, апассаџьырцәа рзы иманшәалоу амаакыгақәа ҟаҵан. Ихымԥадатәиу аусурақәа зегьы хыркәшахеит ԥхынгәымза 13 нӡа, шьҭа абаӷәаза аӷба «Камета» адкылара инагӡаны иазхиоуп.
Амшынбаӷәаза аиқәыршәара анаҩс, Аԥснытәи амшынӷбаныҟәара амшынтә вокзал ахатә харџь ала арҽеира иаҿуп. Григори Тамбиа адырра ҟаиҵеит ари ахыбра анаҩс аиҭашьақәыргыларазы иаҭаххо аилкааразы арахь иаараны ишыҟоу урыстәылатәи аспециалистцәа.
Григори Тамбиа иажәақәа рыла, ахыбра ашәра, аԥенџьыр амыцхәрас уи асахьа змоу аконструкциақәа рышьақәыргылара, ахыбра аҭеиҭыԥш акыр иарҽеиуеит, уи еиҳа улаҿы иааиуа иҟалоит. Иара убас авокзал ахыбреи абаӷәазеи рыкәша-мыкәша арыцқьаратә усурақәа мҩаԥысуеит.