АЖӘАБЖЬҚӘА

31.Ԥхынгәы.2025

Жәлар Реизара-Апарламент аҿы адгьылтә зҵаарақәа ааба рзы аӡбамҭақәа рыдыркылеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 31, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥшьаша, ԥхынгәымза 31 рзы Апарламент асессиа аилатәара аҿы адепутатцәа амшхәаԥштә иалагалаз адгьылтә зҵаарақәа ааба рзы аӡбамҭақәа рыдыркылеит.

Апарламент адепутатцәа аминистрцәа Реилазаара азин арҭеит:

  • Аҟәа араион Гәымсҭа ақыҭан иҟоу, зҵакыра 1,13 га. рҟынӡа инаӡо адгьылҭыԥ «ақыҭанхамҩатә зкызаара змоу адгьыл» акатегориа аҟынтәи «ааглыхратә зкызаара змоу адгьыл» акатегориа ахь аиагара азы;
  • Гагра араион Лаԥсҭарха ақыҭан, Косиан имҩала иҟоу, зҵакыра 4,0 га. рҟынӡа инаӡо адгьылҭыԥ «ақыҭанхамҩатә зкызаара змоу адгьыл» акатегориа аҟынтәи «акурорттә-зҩыдатәратә зкызаара змоу адгьыл» акатегориа ахь аиагара азы;
  • Очамчыра араион Аӡҩыбжьа ақыҭан иҟоу, зҵакыра 5,0 га. рҟынӡа инаӡо адгьылҭыԥ асанатор-курорттә ҟазшьа змоу аобиектқәа рыргыларазы Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Альянс-Отель 2» есымшатәи ахархәаразы аҭара;
  • Гәылрыԥшь араион Дранда ақыҭан иҟоу, зҵакыра 0,39 га. рҟынӡа инаӡо адгьылҭыԥ «ақыҭанхамҩатә зкызаара змоу адгьыл» акатегориа аҟынтәи «аиланхарҭатә апунктқәа иазку адгьыл» акатегориа ахь аиагара.
  • Очамчыра араион Аӡҩыбжьа ақыҭан иҟоу, зҵакыра 5,0 га. рҟынӡа инаӡо адгьылҭыԥ асанатор-курорттә ҟазшьа змоу аобиектқәа рыргыларазы Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Альянс-Отель 2024» есымшатәи ахархәаразы аҭара азы ;
  • Очамчыра араион Аӡҩыбжьа ақыҭан иҟоу, зҵакыра 5,0 га. рҟынӡа инаӡо адгьылҭыԥ асанатор-курорттә ҟазшьа змоу аобиектқәа рыргыларазы Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Адзюбжа Спа Резорт» есымшатәи ахархәаразы аҭара азы;
  • Гәылрыԥшь араион Дранда ақыҭан иҟоу, зҵакыра 4,75 га. рҟынӡа инаӡо адгьылҭыԥ «ақыҭанхамҩатә зкызаара змоу адгьыл» акатегориа аҟынтәи «аиланхарҭатә апунктқәа иазку адгьыл» акатегориа ахь аиагара.
  • Гәылрыԥшь араион Дранда ақыҭан иҟоу, зҵакыра 4,19 га. рҟынӡа инаӡо адгьылҭыԥ «ақыҭанхамҩатә зкызаара змоу адгьыл» акатегориа аҟынтәи «аиланхарҭатә апунктқәа иазку адгьыл» акатегориа ахь аиагара. Прочитано 172 раз. Последнее изменение 31.07.2025.
  •  

    Источник: https://apsnypress.info/ap/home-2/z-bzi/item/15830-z-lar-reizara-aparlament-a-i-adgiilt-z-aara-a-biziba-rzi-a-bam-a-a-ridirkileit.

    © АПСНЫПРЕСС.

    Источник: https://www.apsnypress.info/ru/home/novosti/item/16695-parlament-prinyal-resheniya-po-8-zemelnym-voprosam.

    © АПСНЫПРЕСС.


    Read 258 times - Ахәаша, 01 Нанҳәа 2025 12:13
    Image
    Image
    Image
    Image
    Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
    Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.