АЖӘАБЖЬҚӘА

05.Жьҭаара.2022

15 – ҨЫК АРҴАҨЦӘА «АРЕСПУБЛИКА АԤСНЫ ЗҼАԤСАЗТӘЫЗ АРҴАҨЫ» ҲӘА АҲАҬЫРТӘ ХЬӠЫ РЫХҴОУП.

Аҟәа.  Жьҭаарамза 5, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иҭижьыз Аусԥҟа инақәыршәаны, «Ареспублика Аԥсны зҽаԥсазтәыз арҵаҩы» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы рыхҵоуп 15 –ҩык арҵаҩцәа.

Аусԥҟа инақәыршәаны, арҵаҩратә усура аҿы рлагалеи, еиҵагыло аҿар рааӡареи аҵара дырҵареи рҿы рааԥсареи рзы «Ареспублика Аԥсны зҽаԥсазтәыз арҵаҩы» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы рыхҵоуп:

АШӘБА Мадона – Аҟәа ақалақь, Н. А.  Лакоба ихьӡ зху Ашьхарыуаа рышкол №10 алагарҭатә классқәа рырҵаҩы;

АҨӠБА Римма Владимир-иԥҳа – Аацытәи абжьаратәи ашкол адиректор ааӡара-рҵаратә усура азы ихаҭыԥуаҩ;

БАРАҬЕЛИА Заира Нурне-иԥҳа - А. П. Чехов ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратәи ашкол №14 аԥсуа бызшәа арҵаҩы; 

ГАБЛИА Роза Фираҭ-иԥҳа – Г. А. Алшәындба ихьӡ зху Бзыԥтәи абжьаратәи ашкол №1 алагарҭатә классқәа рырҵаҩы; 

ГӘЫНБА Шьулиа Шьыгә-иԥа – Дәрыԥшьтәи абжьаратәи ашкол абиологиа азы ԥыхьатәи арҵаҩы;

ГӘЫНБА Славик Қсыс-иԥа - Т. Ш. Аџьба ихьӡ зху Аҷандаратәи абжьаратәи ашкол аԥсуа бызшәеи алитературеи рырҵаҩы;

ИНАԤШЬБА Нанаша Қарбеи-иԥҳа - Е. А. Ешба ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратәи ашкол №5  алагарҭатә классқәа рырҵаҩы;

КАЛАИЏЬИАН Елианора Ваграм-иԥҳа -  Иашҭхәатәи абжьаратәи ашкол англыз бызшәа арҵаҩы;

КОКОСҚЬЕРИА Емма Золотис-иԥҳа - Г. А. Алшәындба ихьӡ зху Бзыԥтәи абжьаратәи ашкол №1 алагарҭатә классқәа рырҵаҩы;

ЛОМИА Наид ШЬаликәа-иԥҳа – Е.А.Ешба ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратәи ашкол ааӡара-рҵаратә усура аиҳабы-аметодист;

ПАНШИНА Светлана Владимир-иԥҳа - Т. Аџьапуа ихьӡ зху Аҟәатәи аҟазарақәа рышкол амузыка арҵаҩы еиҳабы; 

СУРМАВА Лариса Ермолаи-иԥҳа - Н.А. Лакоба ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратәи Ашьхарыуаа рышкол №10 алагарҭатә классқәа рырҵаҩы;

ҬАРКЬЫЛ Бела Иван-иԥҳа  - Гәдоуҭа ақалақь ахәыҷбаҳча  № 1 «Амра» аиҳабы;

ХЬЕЦИА Изольда Чак-иԥҳа – Е .А. Ешба ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратәи ашкол №5  аматематика арҵаҩы; 

ШЬОУА Џьумка Леуарса-иԥа – Маркәылатәи абжьаратәи ашкол абиологиа ԥыхьатәи арҵаҩы.  

 

 


Read 314 times - Ашәахьа, 10 Жьҭаара 2022 22:06
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.