Афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны 12-шықәса рҟынӡа зхыҵуа ашахматасыҩцәеи (атурнир М12) ақәрақәа зегьы ирыҵанакуа ашахматасыҩцәеи (ихадоу атурнир А) рыбжьара аклассика, арапид, аблиц ала ф-турнирк мҩаԥысит.
Аиҳабацәа рыбжьара атурнир аҿы икомпромисдоу аиндаҭлара аҿы аиааира игеит Жәларбжьаратәи ашахматқәа Рфедерациа (ФИДЕ) аҟаза Сергеи Нефедов (Владимир), аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит Кәарацхьелиа Ҭрисҭан (ақалақь Аҟәа, Аҟәатәи ашахматтә школ аушьҭымҭа, Москватәи Жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа Ринститут (МГИМО) 1 акурс астудент, ахԥатәи аҭыԥ ааникылеит – Табариан Артиом (ақ. Аҟәа).
Аноминациақәа рҿы аиааирақәеи аԥхьахәқәеи ргеит:
- амилаҭтә реитинг змоу алахәылацәа рыбжьара актәи аҭыԥ ааникылеит Багаҭелиа Нестор (ақ. Аҟәа), аҩбатәи аҭыԥ – Кеиан Роберт (ақ. Аҟәа), ахԥатәи аҭыԥ ааникылеит – Жирков Герман (ақ. Аҟәа);
- аветеранцәа рыбжьара актәи аҭыԥ ааникылеит Уриупин Игорь (ақ.Тамбов), аҩбатәи аҭыԥ – Шаньгина Валериа (ақ. Челиабинск), ахԥатәи аҭыԥ –Давтиан Ашот (Гулрыԥшь аҳабла);
- арԥарцәа рыбжьара аиааира игеит Нефедов Алеқсандр (Владимир), аҩбатәи аҭыԥ – Топчиан Армен (Гәылрыԥшь аҳабла), ахԥатәи аҭыԥ – Турков Богдан (ақ. Аҟәа).
- аҳәса рыбжьара актәи аҭыԥ аанылкылеит Лакәатаа Сарида (ақ. Аҟәа), аҩбатәи аҭыԥ– Азанова Таисиа (ақ. Пермь), ахԥатәи аҭыԥ –Џьениа Амели ( ақ. Аҟәа);
- 12 шықәса зхымҵыц аҷкәынцәа рыбжьара аиааира игеит Сидик Рамин (ақ.Кашира), аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит Трофимов Николаи (ақ. Иваново) ахԥатәи аҭыԥ – Жирков Герман (ақ. Аҟәа);
- 12 шықәса зхымҵыц аӡӷабцәа рыбжьара актәи аҭыԥ аанылкылеит Гәыргәылиа Алеқсандра (ақ. Аҟәа), аҩбатәи аҭыԥ аанылкылеит – Џьениа Амели (ақ. Аҟәа), ахԥатәи аҭыԥ лгеит – Михаилиди Евридика (ақ.Санкт-Петербург).
Аԥхьахәгаҩцәа зегьы ахраҿақәа, амедалқәа, аҳаҭыртә шәҟәқәеи аԥаратә ҳамҭақәеи ранашьахеит. Афестиваль Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы иҟанаҵаз афинанстә цхыраарала имҩаԥысит.