Абаҟа шьақәыргылоуп ақалақь-фырхаҵа Гәдоуҭа Кавказ Ашьхарыуа жәларқәа Рконфедерациа аштаб ахьыҟаз ахыбра азааигәара.
Раԥхьаӡа акәны Аԥсны ныҳәак аҳасабала Хатәгәаԥхарала еибашьуаз Рымш азгәарҭеит нанҳәамза 15, 2012 шықәа рзы. Ари амш аԥҵара азы аԥшьгара ҟаиҵеит Аԥсны ԥыхьатәи аԥыза-министр Леонид Лакербаиа. Нанҳәамза 8, 2013 шықәсазы Аԥсны усҟантәи Ахада Алеқсандр Анқәаб «Ареспублика Аԥсны агәалашәаратәи аныҳәатәи амшқәа рзы Азакәан аиҭакрақәеи ацҵақәеи ралагалара азы» Аусԥҟа инапы аҵаиҩит. Уи инақәыршәаны, нанҳәамза 15 аныҳәатә усуратә мшны – Хатәгәаԥхарала еибашьуаз Ирымшны ирылаҳәахеит.