АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 18:59

2025 шықәса актәи азыбжазы ашәаратә система АԤРА аҿы имҩаԥгаз аоперациақәа рымҽхак 17,5 млрд. мааҭ рҟынӡа инаӡеит.

Аҟәа. Нанҳәамза 19, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. 2025 шықәса актәи азыбжазы Аԥсны Амилаҭтә ашәаратә система АԤРА аҿы имҩаԥгаз аоперациақәа  рымҽхак  17,5 млрд. мааҭ рҟынӡа инаӡеит, уи 2024 шықәса аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа иаҿырԥшны уахәаԥшуазар 9,8 % рыла еиҳауп. Абри азы адырра ҟаҵоуп Аԥсны Абанк аофициалтә саит аҿы.

Аԥсны абанктә хсаалагақәа рыла ҳазҭоу ашықәс актәи азыбжазы атауарқәеи амаҵурақәеи ишәаз рыхәԥса азеиԥш еицҵалыҵ 6,8 млрд. мааҭ рҟынӡа инаӡеит. Урҭ рахьынтә ахсаалагақәа АԤРА ала иҟаҵаз ашәатәқәа реицҵалыҵ 554 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит, жәларбжьаратәи ашәаратә системақәа рыхсаалагақәа рыла –  6,3 млрд. мааҭ.

Активра злоу ахсаалагақәа АԤРА рзеиԥш хыԥхьаӡара ԥхынгәымза  1, 2025 шықәсазы  67 645 цыра рҟынӡа  инаӡон, аус зуа абанкоматқәа рхыԥхьаӡара –  160.  

 

 

 


Read 31 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.