Аҟәатәи аӡыршьҭра аиҳабы Даур Ԥаҷкориа ишеиҭаиҳәаз ала, уи аӡеизакырҭақәа рҿы аӡы амаҷхара иадҳәалахеит.
«Иахьазы Турбазеи Синопи аҳаблақәа рҿы инхо ауааԥсыра акыр иаргәамҵуеит ишьақәгылаз аҭагылазаашьа. Ҳара аӡы амаҷхара иахҟьаны инеиԥынкыланы еиԥҟьарада урҭ ӡыла реиқәыршәара ҳалшаӡом», – ҳәа иҳәеит иара.
Даур Ԥаҷкориа игәаанагарала, 10 мыш рыҩныҵҟа аҭагалызаашьа еиҳа еиӷьхароуп.
«Иахьазы икылаҳҵәахьеит аӡыҵхырҭак. Ҳазҭоу амчыбжь аҩныҵҟа аӡыҵхырҭа ашьақәыргылара ҳаҿызаауеит. Сгәа иаанагоит, 10 мыш рыла аҭагылазаашьа акыр еиӷьхап ҳәа», – иҳәеит иара.
Аҟәа ақалақь ахада Ҭемыр Агрба Киалашәыр ақыҭан иҟоу аӡхагаларатә станциа аҭагылазаашьеи аӡыҵхырҭа ажра иадҳәалоу аусура амҩаԥысшьеи гәеиҭеит.
«Мызкы аԥхьа Гәылрыԥшь араион Ахадара ҳалархәны Киалашәыр аӡиас амҩасра аҩадатәи ахәҭа иахьаҵанакуа аусурақәа мҩаԥаагеит, уи зыҟаҵазгьы ҳаӡхагаларатә станциа ахь еиҳа аӡы неиуа иҟаларц азы ауп. Аха, ишаабо еиԥш уи азымхаӡеит. Ӡыла аиқәыршәара иадҳәалоу апроблемақәа инагӡаны иӡбамкәа иаанханы иҟоуп. Убри инамаданы, инацҵаны даҽа аӡыҵхырҭақәа ааба рыжразы аӡбамҭа ҳадаҳкылеит. Аусурақәа ирылагахьеит. Урҭ анхыркәшахалак ашьҭахь аӡхагалага ҿыц шьақәыргылахоит, анаҩс сгәы иаанагоит ауааԥсыра ӡыла реиқәыршәара азҵаара инагӡаны аӡбара алыршахоит ҳәа», - иазгәеиҭеит Ҭемыр Агрба.
Аҟәа ақалақь ахада иара убас аӡы зхы иазырхәо рхыԥхьаӡара акыр ацлареи иҟоу акоммуникациақәа акыр иахьықәсхьоуи инамаданы, аҳҭнықалақь аӡымҩангагатә система зегьы арҿыцразы акомплекстә программа аус адулара иаҿуп ҳәа иазгәеиҭеит.