Аҟәа. Нанҳәамза 21, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба В. М. Комаров ихьӡ зху аҟәатәи абжьаратәи ашкол № 6 аҵакыраҿы афункциарацәатә аспорттә шҭаҳәыԥшқәа раартра ихы алаирхәит.
Арҭ аспорттә обиектқәа амҵәышәмпыл, анапылампыл, ашьапылампыл ахәмарразы адәқәа, иара убас воркаут азонагьы рыла еиқәыршәоуп.
Аобиектқәа Ареспублика Аԥсни Урыстәылатәи Афедерациеи ирыбжьоу агуманитартә усеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуа аспорттә инфраструктура арҿиара азы зымҽхак ҭбаау апроект иахәҭакхеит.
Аҟәа араионқәа руак аҟынтәи депутатс иалху Лаша Ашәба ашкол адиректори Синоп аҳабла ауааԥсыреи ари хра злоу ахҭыс рыдиныҳәалеит, уи иара убас Краснодартәи атәылаҿацә ари аспорттә обиект аргыларан иҟанаҵаз ацхырааразы иҭабуп ҳәа иҳәеит. Апарламент Аиҳабы аспорти абаҩарҵәыреи аҿар рыҿиареи ргәабзиара арӷәӷәареи рҿы инарыгӡо ароль инаҵшьны иазгәеиҭеит.
Аусмҩаԥгатә иара убас лхы алалырхәит атәыла аҵара аминистр Хана Гәынба.
Урыстәылазегьтәи ауаажәларратә Еиҿкаара «Иҿоу Урыстәыла» (ООД «Россия Молодая») Краснодартәи арегионалтә ҟәша ахантәаҩы Роман Марченко иажәақәа рыла, ари шьҭа ареспублика аҿы иргылоу афбатәи аспорттә шҭаҳәыԥш ауп.
Зынӡа Аԥсны иахьаҵанакуа иргылахоит 12 рҟынӡа аиԥш-зеиԥшу аобиектқәа — Аҟәа, Ҭҟәарчал, Очамчыра, Гал ақалақьқәа рҿы. Иарбоу аспорттә шҭаҳәыԥшқәа амассатә спорт арҿиара, активла аԥсшьара аиҿкаара, иара убас аҿар ргәабзиара арӷәӷәара иазырхоуп. Аргыларатә усурақәа рфинансыркра ахахьы иагеит Краснодартәи атәылаҿацә.
Ашкол №6 адиректор Лолита Кациа иарбоу апроект анагӡара зхы алазырхәыз зегьы иҭабуп ҳәа ралҳәеит.