АЖӘАБЖЬҚӘА

20.Нанҳәа.2025

Еиду Америкатәи Аштатқәа Қырҭтәыла аҵакыратә акзаара адгылара, Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рҟны Урыстәыла арратә мчрақәа рыҟазаара иақәыӡбо адокумент мап ацәнакит.

Аҟәа. Нанҳәамза 21, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Иракли Ҭыжәба ахҳәаа ҟаиҵеит.

2025 шықәса нанҳәа 19 азы Еиду Амилаҭқәа Реидгыла аштаб-квартираҿ Ашәарҭадаратә Хеилак алахәылацәа реилатәара мҩаԥысит, уи 2008 шықәсазы иҟалаз ахҭысқәа ирызкын. Аилатәара аихшьаалақәа рыла мраҭашәаратәи тәылақәак рхаҭарнакцәа аицҳәамҭа ҟарҵеит Қырҭтәыла аҵакыратә акзаара иадгыланы, Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рырратә базақәа ахьыҟоу иаҿагылани.

«Иазгәаҭатәуп, Қырҭтәыла адгыларазы мраҭашәаратәи атәылақәа рхаҭарнакцәа ас еиԥш еицырзеиԥшу рҳәамҭақәа традициак аҳасаб ала ишыҟалаз, урҭ аобиективтә ҭагылазаашьа ишадҳәалам.

Арҭ аусшәҟәқәа иаартны Урыстәыла иаҿагылоуп, ҳрегион аҿы иааиԥмырҟьаӡакәа аиҿагылара аҟазаара иазырхоуп», - ҳәа иҳәеит Иракли Ҭыжәба.

Он обратил особое внимание на то, что  впервые за 17 лет совместное заявление отказались поддержать представители США.

Иара иазгәеиҭеит, 17 шықәса рышьҭахь, раԥхьаӡа акәны Америка ахаҭарнакцәа абри еицырзеиԥшу аҳәамҭа адгылара мап шацәыркыз.

«Ас еиԥш аҟалара иаанарԥшуеит адемократиатә партиа ахаҭарнакцәа хымԥада Қырҭтәыла адгылара аганахь ала ирымаз азнеишьа иахьатәи Америка ахадара ҿыц еиҭахәаԥшыр шалшо, насгьы, Урыстәыла иаҿагыло ариторика ааныжьны, адиалог ашьақәыргылареи маҷ-маҷла аимадарақәа реиҭашьақәыргылареи рахь ииасыр шауа.

Ииашаҵәҟьаны, раԥхьаӡа акәны аофициалтә Вашингтон мап ацәнакит Қырҭтәыла аҵакыратә акзаара адгылара, мап ацәнакит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рҟны Урыстәыла арратә мчрақәа рыҟазаара иақәыӡбо адокумент. Ари Америка анапхгара ҿыц рдунеихәаԥшышьақәа рҿы аиҭакра дуқәа аазырԥшуа шьаҿоуп, Урыстәылеи дареи реизыҟазаашьақәа рҭышәынтәалара иазырхоуп», - ҳәа иазгәаҭоуп ахҳәаа аҿы.

Аԥснытәи адипломат агәыӷра ааирԥшуеит «Қырҭтәыла ҵаҵӷәы змам аҵакыратә ҭахрақәа рганахь ала Америка аполитикатә напхгара ргәаанагарақәагьы рҽырыԥсахып ҳәа».


Read 37 times - Ахәаша, 22 Нанҳәа 2025 14:56
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.