Аҟәа ақалақь ахада Ҭемыр Агрба гималаитәи анызҵлақәа рыԥҟара аганахьала, уи ада уаҳа ԥсыхәа ыҟамызт ҳәа иазгәеиҭеит. Убри аан уи иааиуа ашықәс азы аҳҭнықалақь аҿы 500 рҟынӡа аҵлашьапы еиҭаҳахоит ҳәа иазгәеиҭеит.
«Аиашазы, егьа ирыцҳаҳшьаргьы, х-нызҵлак ԥаҳҟар акәхеит, урҭ аекологцәа рылкаа ала ашьаҟауаа рзы ашәарҭара аҵан, урҭ рдацтә система ашкол афундамент акыр иаԥырхаган. Иарбоу амҩаҿы ирацәоуп иуашәшәыроу аҵлақәа, иԥырҟо аҵлақәа зегьы рцымхәрас аҿыцқәа еиҭаҳахоит. Уи моу, 2026 шықәсазы 500 ҵлашьапы реиҭаҳара ҳгәы иҭоуп. Есышықәса мҽхкы ҭбаала ҳақалақь ариаҵәара аус иацаҳҵалоит», – ҳәа иҳәеит Ҭемыр Агрба.
Аҟәа ақалақь архитектор хада Бислан Багаҭелиа, ақалақь Ахадара аконцепциа «ишәарҭадоу ақалақь», «ақалақь ашьаҟауаа рзы» иадгылоит, ҳаԥхьаҟа иазԥхьагәаҭоуп Аиааира апроспект –Пушкин имҩа амҩеихасырҭа иаҿырԥшны ашьапыламҩа-шьаҟамҩатә инфраструктура аиҭахәаԥшра ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.
Пушкин имҩала ашьаҟамҩатә зона аиқәыршәазаара мҩаԥысуеит аҟәатәи аусдкылаҩцәа рхарџь ала. Ақалақь Ахадара абизнесуаа иҭабуп ҳәа ранаҳәоит ари аҩыза аԥшьгара азы.