Аԥсни Алада Уаԥстәылеи ртәылауаа ахақәиҭреи ахьыԥшымреи рзы ақәԥараҟны изнысыз амҩа мариаӡам. 2008 шықәса нанҳәамза 26 рзы аиаша аиааира агеит, Урыстәылатәи Афедерациа анапхгара иаднакылаз Алада Уаԥстәылеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рхьыԥшымра азхаҵара иазку аҭоурыхтә зыӡба ареспублика аҳәынҭқарратәра ашьақәырӷәӷәаразы аамҭа ҿыц хацнаркит.
Аԥсны имҩаԥысуа аҿиара, асоциал-економикатә усхк аҟны аихьӡарақәа ахақәиҭра иацәхьамҵыз аԥсуа жәлар рылшарақәа шыҳараку, Урыстәылатәи Афедерациа анапхгара Аԥсны асуверенитет азхаҵареи, аҳәынҭқарра ахьыԥшымреи рзы иаднакылаз азыӡба шиашаз атәы рҳәоит.
Сара агәра згоит Аԥсны Аҳәынҭқарра аԥхьаҟагьы аҿиара шаиуа, ҳтәылақәа ирыбжьоу аиашьаратә еизыҟазаашьақәа есааира ишыӷәӷәахало.
Даҽазныкгьы ишәыдысныҳәалоит Ахьыԥшымра азхаҵара амш, гәык-ԥсык ала Аԥсны жәлар ирзеиӷьасшьоит аҭынчра, аизҳазыӷьара».