Аҳәынҭқарра Ахада арҵаҩцәеи, ашколхәыҷқәеи, аҭаацәеи ирыдиныҳәалеит аҵарашықәс ҿыц алагамҭа.
Аԥсны Ахада Бадра Гәынба иҟаиҵаз анапынҵала Аҵара аминистрра сынтәа раԥхьаӡакәны актәи акласс ахь ицаз аҵаҩцәа аҳамҭақәа рызнархиеит. Урҭ зегьы хаҭа-хаҭала иранашьан актәи акласс ахь ицо аҵаҩы ииҭаху маҭәахәыла иеиқәыршәоу ашәырақәа.