Ареспублика аҳҭнықалақь Тирасполь аҿы ари аныҳәа азгәаҭара инамаданы агәырӷьаратә еилатәара мҩаԥысит. Араҟа иаԥхьеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба ихьӡала иаашьҭыз адныҳәаларатә цҳамҭа, ҳәа аанацҳауеит аҳәынҭқарра ахада ипресс-маҵзура.
Адныҳәаларатә цҳамҭа аҿы, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Вадим Николаи-иԥа, ҳаҭыр зқәу Приднестровтәи Молдавтәи Ареспублика атәылауаа! Ареспублика Аԥсны ажәлари анапхгареи рыхьӡала, хаҭала сара сыхьӡала, Шәара аԥхьа шәнаргыланы ареспублика ажәлар зегьы гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит Приднестровтәи Молдавтәи Ареспублика ашьақәгылара 35-шықәса ахыҵра Амш!
Аҵак ду змоу ари арыцхә Приднестровие ажәлар рхалахатәҳәаақәҵареи рхы иақәиҭны иҿиаларц азы рзини рзы ақәԥараан иаадырԥшыз афырхаҵареи, агәымшәареи, агәаӷьреи ирсимволуп. Ҳреспубликақәа рҭоурыхқәа акыр еиԥшуп, иаҳзеиԥшу аԥеиԥш, иаҳзеиԥшу адоуҳатә мазарақәа, аҭынчреи ахьыԥшымреи рзы агәазыҳәарақәа ҳаидырҳәалоит. Агәра ганы сыҟоуп Аԥсни Приднестровтәи Молдавтәи Ареспубликеи аиҩызареи аҳаҭыреиқәҵареи рыла ишьаҭарку реизыҟазаашьақәа аринахысгьы ишыӷәӷәахо.
Ари аныҳәамш азы, ҳаҭыр зқәу Вадим Николаи-иԥа, гәык-ԥсыкала ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч, шәнапы злаку аҭакԥхықәра ду зцу аҳәынҭқарратә усураҿы ақәҿиарақәеи аманшәалареи, аиашьаратә Приднестровиа ажәлар – аҭынчра, аизҳазыӷьара, аҿиара», — ҳәа иаҳәоит адныҳәаларатә цҳамҭа атекст аҿы.
****
Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭоурых аҿы раԥхьаӡатәи Жәларбжьаратәи Аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра мҩаԥысит 1993 шықәса ажьырныҳәамза 22 рзы – Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспубликеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рыбжьара.