АЖӘАБЖЬҚӘА

03.Цәыббра.2025

17 шықәса раԥхьа Никарагуа Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 3, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Цәыббрамза 3 рзы Никарагуа Аԥсны ахьыԥшымра аназханаҵа амш  17 шықәса ахыҵит. Ареспублика Никарагуа – Урыстәылатәи Афедерациа ашьҭахь аҩбатәи тәылоуп Аԥсны ахьыԥшымреи асуверенитети  азхазҵаз.

Цәыббрамза 3, 2008 шықәса рзы Никарагуа Апрезидент, ахьыԥшымра аиура амҩаҿы иҟоу аԥышәарақәа зегьы ртәы здыруа, анапхгаҩ ду, Аԥсны аҩыза ду, акомендант Хосе Даниель Ортега. Уи итәыла арбџьармчқәа раԥҵара ҟалеижьҭеи 29-шықәса аҵра иазкны Манагуа ақалақь аҿы имҩаԥгаз амитинг аҿы аруаа рҿаԥхьа дықәгыло Никарагуа аофицалла Аахыҵ Уаԥстәылеи Аԥсни рхьыԥшымреи рсуверенитети азханаҵоит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит.

Ҩымш рышьҭахь, цәыббрамза 5, 2008 шықәса рзы Даниель Ортега иӡбамҭа Аахыҵ Уаԥстәылеи Аԥсни рхьыԥшымреи рсуверенитети разхаҵаразы адекретқәа рыла ишьақәирӷәӷәеит. Арҭ аусшәҟәқәа инацҵаны апарламент аҿы ашьақәырӷәӷәара зҭахым аҳәынҭқарратә хьыԥшымра азхаҵаразы аҵыхәтәантәи аофициалтә закәаншәҟәқәаны иҟалеит. Абри азы Никарагуа адәныҟатәи аусқәа Рминистрраҿы имҩаԥгаз апресс-конференциа аҿы алаҳәара ҟаҵан.

Ахәҭакахьала, шықәсык ашьҭахь, цәыббрамза 10, 2009 шықәса рзы Аԥсни Никаргуеи адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьарҵеит.   

Рашәарамза, 2010 шықәса рзы Никарагуа адәныҟатәи аусқәа рминистр Самуель Сантос, Манагуа ақалақь аҿы Аԥсны ацҳаражәҳәарҭа аартразы аформалтә процедурақәа зегьы нагӡоуп ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит.  

Аԥснытәи аделегациа раԥхьаӡа акәны Никарагуа иаҭааит 2010 шықәса рзы. Аделегациа ахадараҿы дыҟан Аԥсны Ахада Сергеи Багаԥшь. Аԥснытәи аделегациа раԥхьаӡа акәны Никарагуа иаҭааит 2010 шықәса рзы. Аделегациа ахадараҿы дыҟан Аԥсны ахада Сергеи Багаԥшь. Аԥсни Никарагуеи рхадацәа усҟан Манагуа ақалақь аҿы еиуеиԥшым аиқәшаҳаҭрақәа рнапы рыҵарҩит. Никарагуа Аахыҵ Уаԥстәылеи Аԥсни рхьыԥшымреи рсуверенитети ахьазханаҵаз инамаданы, Қырҭтәыла аҭак аҳасабала абҵарамза 28, 2008 шықәса рзы Никарагуеи Қырҭтәылеи ирыбжьаз адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шаԥыххо азы аҳәамҭа аланарҵәеит.


Read 373 times - Ахаша, 03 Цәыббра 2025 19:03
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.