АЖӘАБЖЬҚӘА

04.Цәыббра.2025

Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа рынагӡаразы аҽҳәарақәа шьақәырӷәӷәоуп.

Аҟәа. Цәыббрамза 4, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба нанҳәамза 27, 2025 шықәсазы аминистрцәа Реилазаара иаиҭаз анапынҵақәа рынагӡаразы, аԥыза-министр Владимир Делба цәыббрамза 2, 2025 шықәса рзы ақәҵара инапы аҵаиҩит.

Аусшәҟәы аекономика, асоциалтә усхкы, агәабзиарахьчара, аҵарадырра, аҿартә политика, иара убас ауаажәларратә шәарҭадара аиқәыршәареи иааҳакәыршаны иҟоу аԥсабара ахьчареи рзы ауснагӡатәқәа ркомплекс арбахоит.

Аекономикеи аҳәынҭқарратә мазара анапхгараҭареи

Аҳәынҭқарратә мазара анапхгараҭареи априватизациеи рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы жьҭаарамза 31, 2025 шықәса иахымгакәа:

 а) аҳәынҭқарратә мазара, аамҭала ирымпыҵаку, мамзаргьы ахԥатәи ахаҿқәа рхархәараҿы иҟоу уахь иналаҵаны, ахархәара аеффективра ашьҭыхразы ажәалагалақәа реиқәыршәара алыршазароуп;

б) «Ареспублика Аԥсны астратегиатә обиектқәа рзы» Ареспублика Аԥсны Азакәан анагӡара алзыршо азакәан иацу анорма-зинтә актқәа рыпроектқәа еиқәыршәаны ахәаԥшразы аминистрцәа Реилазаара ахь инашьҭызароуп.

Аекономика Аминистрра жьҭаарамза 31, 2025 шықәса иахымгакәа:

а) аҳәынҭқарратә унитартә наплакқәеи аҳәынҭқарра злаху егьырҭ анаплакқәеи русура аоптимизациеи аеффективра ашьҭыхреи рзы ажәалагалақәа реиқәыршәареи рыдгалареи;

б) Ареспублика Аԥсны аминистрцәа Реилазаара ахь ахәаԥшразы анагара алыршатәуп:

  • Имаҷуи ибжьаратәуи аусдкылара адгылара аҭара иазку анапхгаратә хықәкытә программа;
  • Аексперттә-зкызаратә ааглыхра адгылара аҭара иазку анапхгаратә хықәкытә программа;

в) аусуратә климат аиӷьтәра, аусдкылаҩцәа ирзыманшәалоу аҭагылазаашьақәа раԥҵара, абизнес амҩаԥгаразы административтә процедурақәа рырмариара, анаԥхгара-хылаԥшратә қәыӷәӷәара армаҷреи рзы ажәалагалақәа реиқәыршәареи рыдгалара амҩаԥгареи;

г) жьҭаарамза 10, 2025 шықәса иахымгакәа:

  • Аихамҩатә транспорт аҿиаразы ажәалагалақәа реиқәыршәареи рыдгалара амҩаԥгареи;
  • Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы адыԥхьаларала Ареспублика Аԥсны алогистикатә, атранзиттә потенциал Евразиатәи аекономикатә ҵакыра аҳәаақәа ирҭагӡаны аҿиара азы ажәалагалақәа реиқәыршәареи адгалара амҩаԥгареи;
  • Ареспублика Аԥсны иатәылауаау амашьынарныҟәцаҩцәа рыла атакси амаҵзура амҩаԥгара азԥхьагәазҭо апассаџьарцәа автомашьынатә транспорт ала рыиагаразы алицензиақәа рыҭара азы азакәанԥҵара аиҭакрақәа ралагаларазы ажәалагалақа реқәыршәареи рыдгалара амҩаԥгареи;

д) абҵарамза 1, 2025 шықәса иахымгакәа – атәылауаҩратә авиациа аусхкы азы азакәан иацу актқәа реиқәыршәареи рыдгалара амҩаԥгареи.

Афинансқәа Рминистрра азы:

а) жьҭаарамза 10, 2025 шықәса иахымгакәа  – аҳәынҭқарратә финансқәа рнапхгараҭара аусхкы аҿы аинформациатә технологиақәа ралагалара азы анапхгаратә хықәкытә программа аус адулареи адгалареи;

б) жьҭаарамза 31, 2025 шықәса иахымгакәа  – ареспубликатә биуџьет аҟынтәи зфинансыркра мҩаԥысуа аусбарҭақәа русура аеффективра анализ азуреи урҭ русура аеффективреи алҵшәареи рышьҭыхразы ажәалагалақәа реиқәыршәареи рыдгалара амҩаԥгареи;

в) жьҭаарамза 10, 2025 шықәса иахымгакәа аекономика Аминистрра, ашәахтәқәеи аизгақәеи Рминистрреи Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилаки  алархәны ашәахттә зинҷыдақәа реффективра аинвентаризациа амҩаԥгара.

Ашәахтәқәеи аизгақәеи Рминистрра иадҵоуп жьҭаарамза 10, 2025 шықәса иахымгакәа  – адгьыл хәҭақәа разоужьра аҭагылазаашьақәа рынамыгӡараан адгьылтә шәахтә апрогрессивтә қәҵа ахархәара азԥхьагәазҭо азакәанԥҵара аиҭакрақәа ралагаларазы ажәалагалақәа реиқәыршәара.

Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы  иадҵоуп – лаҵарамза 1, 2026 шықәса иахымгакәа  аҳазалхратә напхгараҭара асистема автоматизациа азы ажәалагалақәа аус рыдулара алыршара.

Ақыҭанхамҩеи атуризми

Ақыҭанхамҩа Аминистрра

Ақыҭанхамҩа аусхк аганахьала жьҭаарамза 15, 2025 шықәсанӡа инагӡатәу абарҭ анапынҵақәа ҟаҵоуп:

а) аусбарҭа-хықәкытә программа «2026 шықәсазы ақыҭанхамҩа аҿиара» аиқәыршәареи ашьақәырӷәӷәареи;

б) ажәалагалақәа азырхиазарц ақыҭақәа рҿы афермертә нхамҩақәеи анаплакҩцәеи рыцхырааразы.

Атуризм аминистрра:

а) абҵарамза 15, 2025 шықәса иахымгакәа – 2030 тәи ашықәс аҟынӡа атуристтә индустриа аҿиара Аконцепциа апроект аус адулареи адгалареи;

 б) жәабранмза 10, 2026 шықәсанӡа – асасааирҭақәеи егьырҭ асасдкылара иазку аобиектқәеи рыклассификациа аԥҟарақәа рыпроекти аамҭала аанкыларазы аобиектқәа иаку ареспубликатә реестр амҩаԥгара аԥҟара апроекти аус рыдулареи рыдгалара алыршареи;

в) абҵарамза 15, 2025 шықәсанӡа  –  «Аԥснымҩеи» араионқәа рхадарақәеи алархәны атуристтә зкызаара змоу амҩадуқәа рмодернизациа азы ажәалагалақәа аус рыдулареи рыдгалара амҩаԥгареи.

Афымцамчи аинфраструктуреи

Аенергетика Аминистрра:

а) жәабранмза 10, 2026 шықәса иахымгакәа – аҳәынҭқарра аенергетикатә шәарҭадара иазырхоу, афымцацәаҳәатә нхамҩа комплексла ареновациа, иара убас афымцамч альтернативтә хыҵхырҭақәа ралагалара азы ажәалагалақәа злоу аенергетикатә усхкы аҿиара аамҭарацәа зҵазкуа астратегиа аус адулареи адгалара амҩаԥгареи;

б) цәыббрамза 15, 2025 шықәса иахымгакәа  – Ареспублика Аԥсны иҭырмыжьуа, еиҭашьақәыргылахо афымцамч аиуразы ахыҵхырҭақәа рзы ихымԥадатәиу, алагараан ашәхтәқәҵара иаҵанамкуа атехнологиатә еиқәыршәагақәа рсиа еиқәыршәазароуп.

Адгьылхархәареи акадастри рзы Аҳәынҭқарратә усбарҭа:

а) жьҭаарамза 31, 2025 шықәсанӡа  – «Еиҭамҵуа амазара акадастр азы» Азакәан иацу актқәа аус рыдулареи рыдгалареи (Аминистрцәа Реилазаара акомпетенциа иаҵанакуеит);

б) абҵарамза 10, 2025 шықәсанӡа – азакәан иацу актқәа аус рыдулареи ашьақәырӷәӷәареи алыршазароуп (Аҳәынҭусбарҭа акомпетенциа иаҵанакуеит).

Асоциалтә усхкы

Асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи Рминистрра:

Цәыббрамза 15, 2025 шықәсанӡа –атәанчахәқәа рышьҭыхра, зныктәи ашәарақәа, иацҵаны ашәарақәа, аҭаацәа рхылаԥшрада иаанхаз ахәыҷқәа аҳәынҭқарратә цхыраара рыҭаразы ажәалагалақәа рыдгалара;

Абҵарамза 1, 2025 шықәсанӡа – «Атәылауаа рсоцалтә маҵзура ашьаҭақәа рхы» Азакәани «Ихымԥадатәиу атәанчахәытә ԥгаԥсатә системаҿы хаҭалатәи ашәҟәҭагаларазы» Азакәани  иадҳәалоу актқәа еиқәыршәазароуп (Аминистрцәа Реилазаара акомпитенциа иаҵанакуеит);

Ԥхынҷкәынмза 1, 2025 шықәсанӡа – иарбоу азакәанқәа ирыдҳәалоу актқәа реиқәыршәареи рышьақәырӷәӷәареи алыршазароуп (Аминистрцәа Релазаареи Атәанчаҩратә фонди ркомпитенциа иаҵанакуеит);

Абҵарамза 15, 2025 шықәсанӡа  – аҳәынҭқарратә биуџьет аҟынтәи аԥаразоужьра змоу аусбарҭақәеи аиҿкаарақәеи русзуҩцәа рџьаԥса ашәаратә система ашьақәырӷәӷәара иазырхоу акт апроек адгалара мҩаԥгатәуп;

Жьҭаара 10, 2025 шықәса аҟынӡа – 2026 шықәсазтәи адемографиатә ҿиара анапхгарабжьаратәи апрограммеи  2026–2028 шықәсқәа рзы анхарҭатә программа апроекти азырхиазароуп;

Жәабранмза 10, 2026 шықәсанӡа еиқәыршәатәуп – атәылауаа рзы асоциалтә цхыраара аусмҩаԥгатәқәа рсистема амодернизациазы аконцепциа, ахшара змоу аҭаацәа рыцхраарагьы уахь иналаҵаны.

Агәабзиарахьчареи аҵарадырреи

Агәабзиарахьчара Аминистрра иадҵоуп:

а) абҵарамза 15, 2025 шықәса иахымгакәа  – ихәыда-ԥсадоу амедицинатә цхыраара амҽхак азы акт апроекти агәабзиарахьчара аусбарҭақәа русура аеффективра ашьҭыхра аплани аус рыдулара;

б) ԥхынҷкәынмза 15, 2025 шықәсанӡа – зыхә шәатәу амедицинатә маҵзурақәа рсиа, рымҩаԥгара аԥҟарақәеи аҭагылазаашьақәеи рышьақәырӷәӷәара;

в) жьҭаарамза 10, 2025 шықәсанӡа – ихымԥадатәиу амедицинатә еиқәыршәагақәа рсиа еиқәыршәазароуп;

г) лаҵарамза 1, 2026 шықәсанӡа – аҳәынҭқарратә программа «Агәабзиарахьчара аҿиара» апроект еиқәыршәатәуп.

Аҵарадырра Аминистрра:

а) абҵарамза 1, 2025 шықәсанӡа – «Аҵарадырра азы» Азакәан апроект адгалара мҩаԥгазароуп;

б) жьҭаарамза 10, 2025 шықәсанӡа – арҵаҩцәа рзанааҭтә дырра аҩаӡара ашьҭыхразы аҭагылазаашьақәа раԥҵара иазку ажәалагалақәа рыдгалара алыршазароуп;

 в) жәабранмза 10, 2026 шықәсанӡа – аҵарадрра астандартқәа аус рыдулара, Аԥсны аҭоурых азы арҵагашәҟәы азы ажәалагалақәеи «Ақыҭарҵаҩы» апрограммеи реиқәыршәара.

Абызшәатә политиказы Аҳәынҭқарратә Еилакы жәабранмза 10, 2025 шықәсанӡа:

Аҵара Аминистрра алархәны – аҳәынҭқарратә маҵурауаа аԥсуа бызшәа дырҵара апрограмма аус адулара;

Аҵара Аминистрреи аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилаки алархәны, аиҳарак аҿар рыҩныҵҟа, аԥсуа бызшәа апопулиаризациа азы ажәалагалақәа реиқәыршәареи рыдгалара амҩаԥгареи.

Аҿари аспорти

Аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы  ажьырныҳәамза 20, 2026 шықәсанӡа инанагӡароуп:

  • Абаҩарҵәыратә культуреи аспорти рыҿиаразы аамҭарацәа зҵазкуа ахықәкытә программа апроект аиқәыршәара;
  • Аҿартә политика иазку аамҭарацәа зҵазкуа ахықәкытә программа аиқәыршәара.

Ашәарҭадареи аекологиеи

Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра иадҵоуп:

а) жьҭаарамза 1, 2025 шықәсанӡа – апрограмма «Ишәарҭам атәыла» аконцепциа аиқәыршәара;

б) жьҭаарамза 10, 2025 шықәсанӡа – аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа рматериалтә ҭагылазаашьа аиӷьтәразы ажәалагалақәа реиқәыршәареи рыдгалара амҩаԥгареи.

Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра иадҵоуп ажьырныҳәамза  20, 2025 шықәсанӡа – ауааԥсыреи аҵакырақәеи иҷыдалкаатәу аҭагылазаашьақәа рацәыхьчара, абылрацәыхьчаратә шәарҭадареи аӡымҽхакқәеи атуристтә маршрутқәеи рҿы ауаа ршәарҭадара аиқәыршәареи рзы аконцепциа аус адулара.

Аекологиеи аԥсабарахархәареи рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы иадҵоуп ажьырныҳәамза 20, 2026 шықәсанӡа – иааҳакәаршаны иҟоу аԥсабара амониторинг амҩаԥгара асистемеи уи ахьчаразы ауснагӡатәқәеи рконцепциа ашьақәыргылара.

Анагӡара ахылаԥшра.

Ақәҵара иарбоу аусбарҭақәа зегьы, есымза, аҳасабырбатә мзы иашьҭанеиуа амз 1 амш иахымгакәа анапынҵақәа рынагӡашьа азы аминистрцәа Реилазаара Аппарат ахь адыррақәа рынашьҭра ԥхықәраны ирыдуп.

Аминистрцәа Реилазаара Аппарат есымза Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа ахь Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа рынагӡара шымҩаԥысуа азы адыррақәа дәықәнаҵалароуп.

Анагӡара ахылаԥшра аҭара рыдҵоуп аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩцәа Џьансыхә Нанба, Вараздат Миносин, Ҭарашь Ҳагба, иара убас аԥыза-министр ихаҭыԥуҩ, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут.

 

 

 

 


Read 176 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.