АЖӘАБЖЬҚӘА

11.Жьҭаара.2022

УРЫСТӘЫЛАТӘИ АОФТАЛЬМОЛОГЦӘА АԤСНЫ РУСУРА ААМҬА ИАЛАГӠАНЫ 888 – ҨЫК РЫБЛАБАРА ГӘАРҬЕИТ.

Аҟәа. Жьҭаарамза 11, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Ареспублика аҿы цәыббрамза 27 инаркны аус ауан аҳақьым Шаталов ихьӡ зху абла амикрохирургиа Ацентр аблабара адиагностика азы еиҭаҵуа акомплекс.

Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, аусура аамҭа иалагӡаны аҳақьымцәа 888-ҩык рыблабара гәарҭеит.  Урҭ аус руан Гал, Ҭҟәарчал, Очамчыра араионқәа рыҟны.

Аиҳарак ауааԥсыра рыҟны иаарԥшын акатаракта ҳәа изышьҭоу аблачымазара, еиҳа еиҵоуп агиперметропиа,  аглаукома ҳәа изышьҭоу аблачымазарақәа змоу.

Адиагностикатә центр Аԥсны аусура ацҵара азԥхьагәаҭаны иамоуп жьҭаарамза 17 инаркны. Усҟан Аԥсны егьырҭ араионқәа рыҿгьы ауаа рыблабара агәаҭара алыршахоит.

Аҳақьымцәа Аԥсныҟа иааит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иаԥшьгарала. Убри аан ацхыраара ҟанаҵеит атәыла агәабзиарахьчара Аминистррагьы.  

Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Адоктор Шаталов иклиникақәа» анапхгаҩы Олег Шаталови, иара убас еиҭаҵуа ацентр аҳақьымцәеи Аԥсны ауааԥсыра рыблабара агәаҭараҿы иҟарҵаз ацхырааразы иҭабуп ҳәа реиҳәеит. Уи урыстәылатәи аофтальмологцәеи аԥснытәи аспециалистцәеи аринахысгьы хра злоу аусеицура шрыбжьазаауа азы агәыӷра ааирԥшит.

 

 


Read 387 times - Аҩаша, 11 Жьҭаара 2022 14:35
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.