АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 20:19

Аԥснытәи аделегациа Санкт-Петербург имҩаԥысраны иҟоу еидҵоу акультурақәа рфорум иалахәхоит.

Аҟәа. Цәыббрамза 11, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи аделегациа XI Жәларбжьаратәи еидҵоу акультурақәа рфорум алахәхаразы Санкт-Петербургҟа ицеит, ҳәа иаанацҳауеит акультура аминистрра апресс-маҵзура. Аделегациа аилазаараҿы иҟоуп акуьтура аминистр Даур Ақаҩба, акультура аминистр ихаҭыԥуаҩ Динара Смыр, С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр адиректор хада Хьыбла Мықәба.

Аҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны иазԥхьагәаҭоуп Аԥсны акультура аминистр Даур Ақаҩбеи Урыстәылатәи Афедерациа акультура аминистр Ольга Лиубимовеи реиԥылара.

Сынтәа имҩаԥысуа афорум атема хаданы иҟоуп — «Акультура азыхынҳәара – иҿыцу алшарақәа» («Возвращение к культуре — новые возможности»). Аусуратә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҿкаахоит 11 атематиктә секциақәа, иҿыцу асекциа «Асахьаркыратә ҵарадырра» («Художественное образование») уахь иналаҵаны.

Афорум атематикатә секциақәа шьҭа традициала ишышьақәгылахьоу еиԥш имҩаԥыслоит Ермитаж аштаб Хада аҟны,  Санкт-Петербург Аҳәынҭқарртә академиатә капелла аҿы, Санкт-Петербургктәи ацирк Ду аҿы, иара убас, раԥхьаӡа акәны, амузеи-ҳәарԥсарра «Аҳәынҭқар иқыҭа» («Царское Село»), Амузееи-аҳәарԥсарра «Гатчина», иара убас Александриатәи атеатр аҿы.

Асекциақәа ркураторцәас иқәгылоит:

  • «Деловая культура» — «ВЭБ.РФ» ахантәаҩы Игорь Шувалов;
  • «Кино» — акино Афонд анагӡаратә директор Фиодор Соснов;
  • «Культурное наследие: традиции и современность» — Урыстәылатәи аетнографиатә музеи адиректор Иулиа Купина;
  • «Медийная культура» — ИТАР-ТАСС адиректор хада Андреи Кондрашов;
  • «Музеи» — Аҳәынҭқарратә Ермитаж адиректор Хада Михаил Пиотровски;
  • «Музыкальная культура» — Санкт-Петербург Аҳәынҭқарратә академиатә капелла адиректор хада Ольга Хомова;
  • «Путь объединённых культур и технологий к культурному коду будущего» — Аҳәынҭқарра Ахада иҟны иҟоу акультуратә аԥшьгарақәа рфонд адиректор хада Роман Карманов;
  • «Театр» — Аҳәынҭқарратә амилаҭқәа ртеатр асахьаркыратә напхгаҩы Евгени Миронов;
  • «Традиционные ценности как основа диалога культур» — Урыстәыла анаукеи иреиҳау аҵарадырреи рминистр ихаҭыԥуаҩ Константин Могилевски;
  • «Цирк» — Вернадски ипроспект аҿы иҟоу Москватәи аҳәынҭқарратә цирк адиректор хада Едгард Запашныи;
  • «Художественное образование» — ГИТИС аректор Григори Заславски.

Аплошьадкақәа зегьы рымҩаԥгараан имҩаԥыслоит адискуссиақәа, араҟа иазԥхьагәаҭоуп кырџьаратә иааз алахәылацәа рықәгылара.

Афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны шьҭа традициала ишышьақәгылахьоу еиԥш  имҩаԥысуеит акультуреи аҟазареи русхкы аҿы Аермитажтә премиа анашьара иадҳәалоу агәырӷьаратә церемониа. Сынтәа алауреатцәас иҟалоит адирижиор, амузыкант Теодор Курентзиси Аҳәынҭқарратә Ермитаж адиректор хада Михаил Пиотровски», — ҳәа илҳәеит Татиана Голикова.

Афорум апрограммала иазгәаҭоуп Урыстәыла ахада Владимир Путин дызлахәу апленартә еилатәара, атематикатә еилацәажәарақәа, акультуратә инициативақәа рӡыргара, иара убас Урыстәыла Аиҳабыра ахада ихаҭыԥуаҩ Татиана Голикова дызлаху ахыркәшаратә еилатәара.

Афорум асасцәеи алахәылацәеи – адунеитә культура аусзуҩцәа: арежиссиорцәа, артистцәа, асахьаҭыхыҩцәа, ашәҟәыҩҩцәа, амузыкантцәа, аҵарауаа, аусдкылаҩцәа. Зынӡа афорум аҿы иқәгылараны иҟоуп 400-ҩык инареиҳаны Урыстәылеи аҳәаанырцәтәи атәылақәеи рҟынтәи аспикерцәа.  

Аусмҩаԥгатә мҩаԥысуеит цәыббра 11 инаркны 13 рҟынӡа.

 

 

 

 

 

 

 


Read 31 times - Аԥшьаша, 11 Цәыббра 2025 18:17
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.