Иу.Н.Воронов ҳаҭырла дыргәаладыршәарц, Аҳәынҭқарратә музеи аҿаԥхьа иҟоу асквер аҿы иҟоу аҵарауаҩ иҳаҭгәын аҿы ашәҭқәа шьҭарҵар иааит Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, атәыла аԥыза-министр Владимир Делба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба, Аҟәа ақалақь ахада Ҭемыр Агрба,Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа, аҵарауаҩ иуацәеи иҭынхацәеи иҩызцәеи, аус ицызуази Иу.Н.Воронов ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратәи ашкол №3 аҵаҩцәеи.
«Иури Николаи-иԥа Воронов акыр иуадаҩыз, аха хьӡи-ԥшеи зцыз аԥсҭазааратә мҩа данысит. Ахә ашьара уадаҩуп уи ҳаамҭазтәи аԥсуа ҳәынҭқарра ашьақәгылараҿы инаигӡаз ароль. Иара Аԥсны аҳәынҭқарратәи ауаажәхларратә аусзуҩ адагьы адунеи зегьы зыхьӡ наҩхьаз иналукааша аҵарауаҩын», – ҳәа Иу.Воронов иҳаҭгәын аҿы ашәҭшьыҵәрақәа анықәиҵа ашьҭахь иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа.
Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ аҵарауаҩ иҭаацәа агәабзиареи ашықәснҵыра дууи рзеиӷьаишьеит.
«Иури Николаи-иԥа игәалашәара наунагӡа ҳгәаҵаҿы иаанхоит. Уи иқьиаз, илашаз, ҳара иахьа хьыԥшым, зхы иақәиҭу аҳәынҭқарраҿы ҳанхаларц азы акырӡа зылшаз уаҩын», - ҳәа иазгәеиҭеит Беслан Бигәаа.
Иу.Н. Воронов ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратәи ашкол №3 аҵаҩцәааҵарауаҩ иԥсҭазаара аепизодқәа ртәы еиҭарҳәеит, иара убас иара изку ажәеинраалақәа ирыԥхьеит.