Адныҳәаларатә цҳамҭаҟны иҳәоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Дмитри Анатоли-иԥа!
Аԥсны жәлар рыхьӡала, хаҭала сара сыхьӡала ишәыдысныҳәалоит 60 шықәса шәхыҵра инамаданы аиубилеитә рыцхә.
Шәара, ҳәарада, ҳаамҭазтәи Урыстәыла аполитикатә ҭоурых аҟны еиҳа иуадаҩыз аамҭақәа рзы иҳараку апрофессионализм, аҟәыӷара, аҭакԥхықәра аарԥшра зылшаз аҭыԥ ҷыда аанызкыло аҳәынҭқарратә усзуҩцәа шәыруаӡәкуп. Шәара шәусура есқьынгьы аҳәынҭқарра арӷәӷәареи урыстәылатәи ажәлар ринтересқәа рыхьчареи ирызкын.
Аԥсны жәлар ирхашҭраны иҟаӡам 2008 шықәса нанҳәамза 26 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азхаҵаразы Аусԥҟа иаҵаҩны ишәыдышәкылаз аҭоурыхтә ҵакы змоу азыӡба. Илахьынҵаӡбаганы иҟалаз ари азыӡбала ҳажәлар ашәышықәсақәа раахыс иззықәԥоз — иазхаҵоу ихьыԥшым аҳәынҭқарраҟны анхаразы аидеиа анагӡара алыршахеит.
Ҷыдала иазгәасҭарц сҭахуп иахьагьы Шәара ҳтәыла иашәҭо азҿлымҳареи ганрацәалатәи адгылареи. Ари ҳара ҳзы акраҵанакуеит, ҳаиҩызареи Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьоу астратегиатә еизыҟазаашьақәеи шаҳаҭра азыруеит.
Шәиубилеи амш аҽны исҳәарц сҭахуп ҳаҭырқәҵара дула сшышәзыҟоу. Шәгәамч, шәԥышәа, шәҟәыӷара шықәсарацәала Урыстәыла аизҳазыӷьара иазкызааит, Шәаргьы, шәзааигәоу ауаагьы нашәыдкыланы ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, ахирра».