АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 22:50

Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Никарагуа ажәлар Ахьыԥшымр Амшныҳәа рыдиныҳәалеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 15, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Никарагуа Ареспублика Ахадацәа Хосе Даниель Ортеге Сааведреи Росарио Мурилиои Ахьыԥшымра амш рыдиныҳәалеит.

Адныҳәаларатә цҳамҭаҟны иҳәоуп:

 

«Ҳаҭыр зқәу ахадацәа,

Аԥсны жәлар рыхьӡала, хаҭала сара сыхьӡала гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит  Ахьыԥшымра амш!

Ари аныҳәа символра азнауеит никарагуатәи ажәлар ахақәиҭреи ахатәҳәаақәҵаразы ирымоу азини рзы фырхаҵарала имҩаԥыргоз ақәԥара. Уи  Аԥсны жәларгьы ирзааигәоу аиашара аидеиалқәеи ахьыԥшымреи рыцәхьамҵра иазҳәоуп.

Аԥсны ахә ҳаракны иршьоит Аԥсни Никарагәеи ирыбжьоу аизыҟазаашьақәа, аҵак ду арҭоит  аԥхьаҟатәи ҳусеицура арӷәӷәара.

Ҳаҭыр зқәу ахадацәа, ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аихьӡарақәа ҭакԥхықәра зцу аҳәынҭқарратә  усураҟны, Никарагуа ажәлар -  аҭынчра, ахирра, аизҳазыӷьара».

 

 

 


Read 312 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.