АЖӘАБЖЬҚӘА

10.Жьҭаара.2022

АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ХЬЧАРА АМАҴЗУРА 9-ТӘИ АҞӘША АИҲАБЫ РУСЛАН ЧЕПИ-ИԤА ААМҬАЛА ИМҴУРАҬЫԤ АҞЫНТӘИ ИХЫ ДАҚӘИҬТӘУП. АБХ.

Аҟәа. Жьҭаарамза 10, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны аҳәынҭқарратә хьчара Амаҵзура 9-тәи аҟәша аиҳабы  Руслан Чепи-иԥа аусеилыргара амҩаԥгара аамҭа иалагӡаны имаҵураҭыԥ аҟынтәи ихы дақәиҭтәуп. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҳәынҭқарратә хьчара Амаҵзура апресс-маҵзура.

Чепи-иԥа Р.С. урыстәылатәи аган, ганрацәалатәи автомашьынақәа роушьҭратә Ԥыԥшырҭа «Адлер» аҿы Урыстәылантәи Аԥсныҟа зеицҵалыҵ дуу анапынҵатә ԥара  аиагара аҽазышәараан даанкылан (100 млн. мааҭ инареиҳаны).


Read 298 times - Аҩаша, 11 Жьҭаара 2022 15:20
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.