«Иааиуа амчыбжь инаркны «Ақалақь аиқәыршәазаара» Наӡаӡе лымҩеи аҩнеихагылақәа ирыҵанакуа ашҭақәеи рҿы шьаҭанкыла агәам-сам ақәгара, Ешба имҩеи Наӡаӡеи лымҩеи рҿы аҵлақәа реилыхра иалагоит. Иара убас ирылацәажәеит аҩналарҭақәа, акоммуникациақәа рҭагылазаашьа. Ҳара Ажәытә ҳабла иарбоу апроблемақәа рыӡбараҿы ҳацхраалоит», – ҳәа иҳәеит аҳҭнықалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Константин Ҭарба.
Аилацәара иалахәыз Ажәытә ҳаблеи аҳабла Ҿыци ишиашоу атранспорт абжьаҵара авариантқәагьы ирыхәаԥшит.
«Аҳабла Ҿыци Ажәытә ҳаблеи еимаздо амаршрутқәак азԥхьагәҭан. Ари азҵаара аӡбара нап аҳаркуеит», - ҳәа иазгәеиҭеит Константин Ҭарба.
Ақалақьтә нхамҩа Аусбарҭа Наӡаӡе имҩала игылоу аҩнеихагылақәа ирыҵанакуа адәқәа рҿы идыргылараны иҟоу ахәыҷтәы хәмарырҭақәа. ҩба аҿарҵеит.