Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны иазԥхьагәаҭоуп еиуеиԥшым аспорттә хкқәа рзы аҽазыҟаҵаратә залқәа, аицлабрақәа рымҩаԥгаразы азалқәа, аӡҭарчы аргылара. Иара убас, ажәытә хыбрагь аиҭашьақәыргылара азгәаҭоуп, уи аспортсменцәеи аицлабрақәа ирылахәу ауааи раангыларҭа акәхоит.
Цәыббрамза 9 рзы Пицундаҟа иусуратә ҭаараан Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба аспорттә комплекс аргыларазы аҽазыҟаҵаратә усурақәа рхацыркразы анапынҵақәа ҟаиҵеит.
«Ҳақалақь ԥшӡа Пицунда агәҭаны ас еиԥш иажәхьоу аргыларақәа рыҟазаара иашам. Ара иҟазароуп ахәыҷқәеи ақалақь ауааԥсыреи рҽахьазыҟарҵало аспорттә центр», — ҳәа иазгәеиҭеит Бадра Гәынба.
Аобиект афинансыркра хәҭакахьала ареспубликатә биуџьет ахарџь ала имҩаԥыслоит.