Апараламент Аиҳабы Лаша Ашәба зхадараҿы дыҟоу аделегациа аилазаараҿы иҟоуп адепутатцәа Бадрик Ԥлиеи Асҭамыр Гьерхьелиеи, иара убас азакәанапроекттә ҟәша ареферент Асҭамыр Кациа.
I Жәларбжьаратәи аекономикатә Форум «Аахыҵ Уаԥстәыла. Аинвестициақәа рылаԥшҳәаақәа» Аахыҵ Уаԥстәыла Ареспублика аԥҵара 35-шықәса ахыҵра иадҳәалахоит.
Афорум Аахыҵ Уаԥстәыла асоциал-економикатә ҿиара астратегиеи жәларбжьаратәи аусеицура аинвестициатә потенциали рылацәажәаразы платформаны иҟоуп.
Цәыббрамза 17 рзы Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент аделегациа Беслан ақалақь аҿы иҟоу Амемориалтә комплекс «Аԥааимбарцәа рықалақь» («Город ангелов») иаҭааит.
Аделегациа алахәылацәа цәыббрамза 1–3, 2004 шықәсазы иҟалазы атераристтә акт иахҟьаны иҭахаз ахәыҷқәа анышә иахьамадоу амемориалтә ԥсыжырҭа аҿы игылоу абаҟа «Алахьеиқәҵара аҵла» («Древо Скорби») амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит, иара убас ашкол №1 аҿы иҟоу амемориалтә експозициа иаҭааит.