АЖӘАБЖЬҚӘА

19.Цәыббра.2025

Аԥсны анапхгара ареспублика аҿы аенергетикатә каллапс аҟалара алдыршаӡом.

Аҟәа. Цәыббрамза 19, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аенергетика аҿы апроблемақәа Аԥсны азы еиҳа иҵару ауп, ареспублика анапхгара аӡынтәи аамҭахәҭазы аколлапс ашьақәымгыларазы иалшо зегьы ҟанаҵоит, ҳәа Цхьынвал имҩаԥысуа Актәи жәларбжьаратәи аекономикатә Форум аҳәаақәа ирҭагӡаны ТАСС астудиа аҿы абри азы адырра ҟаиҵеит Аԥсны аԥыза-министр  Владимир Делба.

«Ҳәарада, уаанӡа еиԥш уажәгьы, ҳара ҳзы  акыр иҵару проблеманы иҟоуп аенергетика аусхкы. Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба ила атәыла анапхгара аҿаԥхьа аенергетикатә усхкы аҭышәынтәалара иазырханы конкретла адҵақәа ықәыргылоуп. Иахьа инаркны иааиуа аӡынтәи аамҭахәҭазы адифицит армаҷразы ауснагӡатәқәа мҩаԥысуеит, сара агәра ганы сыҟоуп, алҵшәа бзиақәа шҳауо. Ҟалашьа амаӡам, ҳаргьы иалҳаршаӡом атәылаҿы аенергетикатә коллапс ашьақәыргылара, избан акәзар, уи атәыла азы, ауааԥсыра рзы аԥсҭазаара иахыҵхырҭоуп, ари аекономикатәи асоциалтәи аусхкқәа рҿы акырӡа зҵазкуа аспектны иҟоуп», - ҳәа Владимир Делба иажәақәа аанагоит ТАСС.

Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Аԥсны есӡынра Егрытәи Аӡфымцатә Станциа иаҵанакуа Џьвартәи аӡеизакырҭа аҿы аӡы аҩаӡара иахьагхо инамаданы аенергиа азымхара цәырҵуеит. Ареспублика аҿы аиҳарак аӡын аамҭеихшала афымцамч арцәара арежим алагалахоит.


Read 126 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.