АЖӘАБЖЬҚӘА

11.Жьҭаара.2022

АСЛАН БЖЬАНИА АҲӘЫНҬҚАРРА АРБЏЬАР МЧҚӘА АԤҴОИЖЬҬЕИ 30 ШЫҚӘСА АҴРА ИНАМАДАНЫ АДНЫҲӘАЛАРА ҞАИҴЕИТ. АБХ.

Аҟәа.  Жьҭаарамза 11, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа рымш азы адныҳәалара ҟаиҵеит.

Ҳаҭыр зқәу Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар Мчқәа аррамҵзурауаа, аветеранцәа, ишәыдысныҳәалоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа аԥҵоижьҭеи 30 шықәса аҵра рымш.

Ҳара ҳажәлар атәылазы иуадаҩыз аамҭақәа раан – 1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анцоз ишьақәгылаз Арбџьар мчқәа ирызгәдууп.

1992 шықәса жьҭаарамза 11 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩы, ҳажәлар рԥыза ду Владислав Григори-иԥа Арӡынба «Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара аԥҵаразы», «Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар Мчқәа р-Штаб хада аԥҵаразы», «Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа рзы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум Ақәҵарақәа инапы рыҵаиҩит.

Атәылахьчара аминистр инапынҵақәа рынагӡаразы даҭан аполковник Владимир Аршба, Арбџьар мчқәа р-Штаб хада аиҳабыс – аполковник Султан Сосналиев. Ирыдыркылаз азыӡбақәа рыхә ашьара уадаҩуп.

Аминистрреи Аштаб хадеи раԥҵара иалахәыз зегьы, хьӡи- ԥшеи згым адҵаҟаҵаҩцәа рыхьыӡқәа, Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа рфырхаҵара хьтәы нбанла ҳтәыла ҳҭоурых ианылеит наунагӡа.

Ҳажәлар зегьы акырӡа зҵазкуа абри амш аҽны ҷыдала иҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп иԥшьоу Аиааира аагаразы иаадырԥшыз агәымшәареи афырхаҵареи рзы Арбџьар Мчқәа рветеранцәа. Хамеигӡарак ҟамҵакәа шәгылан ҳҳәынҭқарра ахьыԥшымра ахьчаразы иуадаҩыз аибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа рызгьы.

Хашҭра рықәым, наунагӡа ҳажәлар ргәалашәараҿы иҟазаауеит зҭоуба иацәхьамҵыз, Аԥсадгьыл ахьчара зхы ақәызҵаз афырхацәа.

Ҳаамҭазтәи аррамаҵзурауаа рабиԥара ҿыцқәа аиҳабацәа иааргаз атрадициа шьахәқәа еицамккәа, ԥхьаҟа иргоит. Иахьа Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа аҭынчреи, Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымреи, акзаареи рыхьчаразы игылоуп.

Иазгәасҭарц сҭахуп, аҳәынҭқарра, иҟоу агеполитикатә ҭагылазаашьа ҳасаб азуны, аԥхьаҟагьы иааиԥмырҟьаӡакәа Арбџьар мчқәа рырҿыцра, рматериатә-техникатә база арӷәӷәара гәцаракра шанаҭало.

Аҩызцәа аррамаҵзурауаа, Арбџьар мчқәа рветеранцәа, ари аныҳәамш аҽны ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч, анасыԥ.

 

 

 


Read 361 times - Аҩаша, 11 Жьҭаара 2022 20:48
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.