АЖӘАБЖЬҚӘА

20.Цәыббра.2025

Бадра Гәынба Аахыҵ Уаԥстәыла ажәлар ареспублика 35-шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 20, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аахыҵа Уаԥстәыла Ареспублика 35 шықәса ахыҵра инамаданы апарад аҟны дықәгылеит.

«Ҳаҭыр зқәу Алан Едуард-иԥа, Аахыҵ Уаԥстәылаа ҳашьцәа, ҳаҭыр зқәу аколлегацәа,, акыр иаԥсоу аҩызцәа! 

Сара сзы ҳаҭыр дууп иахьа ара аҟазаара, Ареспублика 35 шықәса ахыҵра иазку ари аныҳәа ду ахьшәыцеиҩысшо.

Ари ахҭыс аҭоурыхтә ҵакы амоуп. акыр шықәсқәа раахыс ахақәиҭреи исуверентәу аҳәынҭқарреи рзы ақәԥара мҩаԥызгоз Аахыҵ Уаԥстәыла ажәлар ргәымшәареи рхачҳареи ирсимволуп. Ахьыԥшымрахь инагоу амҩа ахаангьы имариаӡам. Аахыҵ Уаԥстәыла ажәлар аԥышәареи ацәыӡ дуқәеи акыр рхыргеит, аха абри ақәԥароуп Аахыҵ Уаԥстәылатәи аҳәынҭқарра ахьыԥшымра уасхырс иазышьҭалазгьы.  

Ҳара ҳажәларқәа рҭоурых ахьеиԥшу рацәоуп, ахақәиҭразы ақәԥараантәи ашықәс хьанҭақәа еицаҳхаҳгеит. Лахьынҵак ауп иҳамоу, ахақәиҭра аҵакы еиԥшны иҳадаҳкылоит. Иаҳдыруеит уи иахҭнаҳҵаз, убри аҟнытә ахәгьы ҳаракны иаҳшьоит.  

17 шықәса раԥхьа, 2008 шықәса нанҳәамза 8 рзы Аахыҵ Уаԥстәыла ажәлар еиҭа аԥышәара ӷәӷәа иҭагылеит. Абри ауха ақырҭуа архәҭақәа мыцҳәарыла Аахыҵ Уаԥстәыла иақәлеит ҭынч ицәаз ақалақь ахи аҵыхәеи иалаланы, урыстәылатәи абжьаҟазацәа рбаза еихсуа.

Ишьаарҵәыраз урҭ амшқәа рзы адунеи даҽазныкгьы лабҿаба иабеит ауаԥс жәлар ахақәиҭреи ахьыԥшымреи рзы хьаҵрак шыҟарымҵо. 

Аахыҵ Уаԥстәыла иадгыланы иқәгылаз Урыстәылатәи Афедерациа аганахьала иаиуыз ацхыраара иабзоураны ари аибашьраҟны усҟан аҭагылазаашьа шьаҭанкыла аҽаԥсахит. Уи иабзоураны зықьҩыла ауаа реиқәырхара алыршахеит, агрессоргьы даанкылахеит. Убасҟан аҭоурых аҟны Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра азхаҵара адаҟьа ҿыц аартн.  Арҭ ахҭысқәа ҳгәалашәараҿы инхоит аиашьареи, агәымшәареи, аиашеи ирсимволны.  

Аахыҵ Уаԥстәыла иахьа аҿиарамҩа  иануп. Арҭ ашықәсқәа рыҩныҵҟала аусура ду мҩаԥгоуп амчхара аинститутқәа рышьақәыргыларазы, аҵараиура, агәабзиарахьчара асистема арӷәӷәаразы.

Ареспублика шьаҿа-шьаҿала жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рзин наӡа змоу субиектк аҳасабала ахы ашьақәырӷәӷәара иаҿуп, активла аинтеграциатә процессқәа ирылахәуп, аекономикатә еизыҟазаашьақәа, адәныҟаполитикатә еимадарақәа рырҿиара мҩаԥысуеит.

Арҭ амшқәа рзы Цхьынвал имҩаԥысуеит жәларбжьаратәи аекономкатә форум «Аахыҵ Уаԥстәыла». Аинвестициақәа рлаԥшҳәаа». Уи, жәаҳәарада, аекономикатә еизыҟазаашьақәа рырҭбаара иацхраауеит, аекономикатә ҿиаразы алшара ҿыцқәа аанартуеит.

Акыр иаԥсоу аҩызцәа!

Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи традициала аишьаратә ҟазшьа ныҟәыргоит. Шәареи ҳареи ҳаидгыланы ахьыԥшымра амҩа ҳанысит, убас ҳаидгылоуп исуверентәу ҳҳәынҭқаррақәа рыргылареи рырҿиареи рыҟны. 

Аҵыхәтәан Аахыҵ Уаԥстәыла ажәлар гәык-ԥсык ала ирыдысныҳәаларц сҭахуп Ареспублика 35 шықәса ахыҵра, аҭынчра, ахирра, аихьӡара ҿыцқәа рзеиӷьасшьоит аҳәынҭқарра аизҳазыӷьара амҩаҟны. 

Нагӡара ақәзааит Аахыҵ Уаԥстәыла Ареспублика!»

 

 

 

 

 

 

 


Read 120 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.