АЖӘАБЖЬҚӘА

11.Жьҭаара.2022

АЛЕҚСАНДР АНҚӘАБ: ҲААМҬАЗТӘИ АЕТАП АҞНЫ АРИ АФЛОТИ РҾАԤХЬА ИҾЫЦУ АХЫДҴАҚӘА ЫҚӘГЫЛОУП.

Аҟәа. Жьҭаарамза 11, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Арбџьармчқәа рнапхгараҭареи хаҭалатәи аилазаареи риубилеи – Аԥсны Арбџьармчқәа аԥҵоижьҭеи 30 - шықәса аҵра рыдиныҳәалеит.

«Ҳаамҭазтәи аетап аҟны ари афлоти рҿаԥхьа– аҳәынҭқарра арратә потенциал арӷәӷәара, ҳаамҭа иақәшәо атәылахьчара амчқәа рышьақәгылара,  ззанааҭтә ҩаӡара ҳараку акадртә резерв аԥҵара, уҳәа ахыдҵа ҿыцқәа ықәгылоуп. Ҳәара аҭахума, аибашьра адәы иаӡрыжәхьоу, иҟарҵаз аҭоубеи руалԥшьеи ламысцқьала иназыгӡо Арбџьармчқәа, атәыла анапхгареи ажәлари рыцхыраарала арҭ ахыдҵақәа шьахәлаҵәҟьа рынагӡара рылшоит, - ҳәа иазгәаҭоуп адныҳәаларатә шәҟәы аҿы.

***   *** Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьармчқәа ркомандаҟаҵаҩцәеи хаҭалатәи аилазаареи рахь.

Аԥсуа жәлар зегьи шәареи Аԥсны Арбџьармчқәа аԥҵоижьҭеи 30 - шықәса аҵра шәыдысныҳәалоит! 1992 шықәсазы, ақырҭуа мпыҭахалыҩцәа бџьаршьҭыхрала ҳаԥсадгьыл рақәлара иахҟьаны ҳажәлар арыцҳара ду ианҭагылаз аамҭазы, акыр зҵазкуа аусшәҟәқәа рыдкылара мҩаԥган – «Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара аԥҵаразы», «Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар Мчқәа р-Штаб хада аԥҵаразы», «Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа рзы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум Ақәҵарақәа. 

Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩы Владислав Григори-иԥа Арӡынба икомандаҟаҵарала Арбџьармчқәа Аԥсны Аҳәынҭқарра ҳаамҭазтәи аҭоурых аҿы ихадоу аиааира – ахақәиҭреи ахьыԥшымреи рзы аиааира агара рылшеит.    

Аибашьрашьҭахьтәи ашықәсқәа зегьы ирылагӡаны Аԥсны Арбџьармчқәа Аԥсадгьыл ахьчара иаҿуп.

«Ҳаамҭазтәи аетап аҟны ари афлоти рҿаԥхьа– аҳәынҭқарра арратә потенциал арӷәӷәара, ҳаамҭа иақәшәо атәылахьчара амчқәа рышьақәгылара,  ззанааҭтә ҩаӡара ҳараку акадртә резерв аԥҵара, уҳәа ахыдҵа ҿыцқәа ықәгылоуп. Ҳәара аҭахума, аибашьра адәы иаӡрыжәхьоу, иҟарҵаз аҭоубеи руалԥшьеи ламысцқьала иназыгӡо Арбџьармчқәа, атәыла анапхгареи ажәлари рыцхыраарала арҭ ахыдҵақәа шьахәлаҵәҟьа рынагӡара рылшоит.

Аԥсадгьыл ахьчара зхы ақәызҵаз афырхацәа рфырхаҵареи рхамеигӡареи ахаангьы хашҭра ақәны иҟалом.

Иҭабуп ҳәа раҳҳәоит ламысцқьала Аԥсадгьыл аинтересқәа рыхьчара иазықәԥо аветеранцәа.

Аԥсны Арбџьармчқәа хаҭалатәи аилазаара рырратә гәыӷәӷәареи хьаҳәхьачарада рыжәлари рыԥсадгьыли рыхьчара ишазхиоуи рзы агәра ганы ҳаҟоуп. Аҭынчреи аизҳазыӷьареи ахирреи шәымазааит Аԥсуа ҳәынҭқарра ахьчаҩцәа! 

Ҳаҭырла, Алеқсандр Анқәаб,

Аԥсны Аҳәынҭқарра аԥыза-министр

ақ. Аҟәа, жьҭаарамза 11, 2022 шықәса.      

 


Read 325 times - Аҩаша, 11 Жьҭаара 2022 22:03
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.