Аиԥылара далахәын Аԥсны Аҳәса Реидгыла ахантәаҩы Викториа Хәырхәмал.
Аиԥылараҟны ирылацәажәан аусеицура иадҳәалаз азҵаарақәа, аԥснытәи урыстәылатәи аҳәсақәа рыбжьара аԥышәеимдара, аимадара арӷәӷәара, иара убас азеиԥш проектқәа аус рыдулара.
Аиԥылара алахәылацәа Аҳәынҭқарра Ахада изеиҭарҳәеит арҭ амшқәа рзы Аҟәа имҩаԥысыз Аԥсни Урыстәылеи аҳәсақәа русеицура иазкыз Аишәа гьежь атәы.
Аҳәынҭқарра Ахада иҵшьны иҳәеит аҳәынҭқарра ахә ҳаракны ишашьо аҳәса рроль еиуеиԥшым аусхкқәа рыҟны - аполитикаҟны, ауаажәларратә, акультуратә, асоциалтә ԥсҭазаараҟны. Аҳәынҭқарра Ахада иҳәеит аҳәса ахәышҭаара аиқәырхара анаҩсгьы, атәыла аԥсҭазаара активла рхы шаладырхәуа.
Бадра Гәынба иазгәеиҭеит Аԥсны Аҳәса Реидгылеи Урыстәыла Аҳәса Реидгылеи реиҩызара аҵак ду шамоу. Аҳәынҭқарра Ахада иажәақәа рыла, ас еиԥш аилибакаареи аусеицзуреи хырхарҭас измоу аимадара аҩ-тәылак рыуаажәлар реизыҟазаашьа арӷәӷәара акыр ишацхраауа.
Аԥсны Аҳәса Реидгыла ахантәаҩы Викториа Хәырхәрмал иазгәалҭеит аамҭа кьаҿк иалагӡаны ари аиҿкаара акрызҵазкуа ауснагӡатәқәа шымҩаԥнагахьоу, жәларбжьаратәи аимадарақәа рымҩақәҵара шалнаршахьо, иара убас анаҩстәи аусеицура арҿиаразы Аишәа гьежь аҟны излацәажәаз азҵаарақәа шынанагӡо.
Урыстәыла Аҳәса Реидгыла ахаҭарнакцәа Аԥсны Ахада иҭабуп ҳәа иарҳәеит аԥхарра зҵаз аиԥыларазы, иазгәарҭеит аԥхьаҟагьы русеицура алҵшәа шаиуа. Иара убас адырра ҟарҵеит Аԥсни Урыстәылеи рзы хәарҭара злоу азеиԥш проектқәа шазԥхьагәаҭоу.