Асааҭ 10:00 рзы - Ахьӡ-аԥша апарк аҿы иҟоу 1992-1993шш. Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз Аԥсны жәлар Рмемориал амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥгахоит.
Асааҭ 11:30 рзы –Ахьӡ-Аԥша апарк аҿаԥхьа 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш 32-шықәса ахыҵра аҳаҭыр азы арратә парад агәыԥқәа ацәаҳәа рықәыргылара, анаҩс Арратә паради «Ԥсра зқәым архәҭеи» мҩаԥысуеит.
Асааҭ 12:30 рзы – Аҟәа араион, Алада Ешыра ақыҭан, Аԥсны Актәи Ахада Владислав Арӡынба Имемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥгахоит.
Асааҭ 14:00 рзы – – Очамчыра араион Џьгьиарда ақыҭан Аԥсны Аҩбатәи Ахада С.У.Багаԥшь Имемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысуеит.
Асааҭ 18:30 рзы – С.Иа.Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа иҟоу аплошьад аҿы аҳәынҭқарратә арҿиаратә коллективқәеи аԥсуа естрада артистцәеи злаху аныҳәатә концерт мҩаԥгахоит.