Иҭахаз афырхацәа ҳаҭырла иргәаладыршәарц арахь иааит Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба, Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, атәыла аԥыза-министр Владимир Делба, Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба, Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа, Аҟәа ақалақьтә Еизара адепутатцәа, атәыла Анапхгара алахәылацәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа, аибашьра аветеранцәа, хатәгәаԥхарала еибашьуаз, иҭахаз рыуацәеи рҭынхацәеи.
Аҟәа ахақәиҭтәразы 12 мшы имҩаԥысуаз ажәыларатә операциа напхгара арҭон Аԥсны атәылахьчара аминистр, аинрал-маиор Сулҭан Сосналиеви Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьармчқәа ркомандаҟаҵаҩ Хада Сергеи Дбари. Ҳаибашьцәа гәымшәақәа ирываршьааз акыр ишырацәазгьы ирылшеит 12-нызықьҩык рҟынӡа инаӡоз аӷа хәымга ирхәҭақәа шьҭахьҟа рынаскьагара.
Аҵыхәтәаны, ҽынла, цәыббрамза 27, 1993 шықәса рзы ҳаҳҭнықалақь агәаҿы игылаз Аминистрцәа Реилазаара ахыбра иахашәыршәырит Аԥсны Аҳәынҭқарра абираҟ. Ҳаԥсадгьыл аҳҭнықалақь ахы иақәиҭтәын. Араҟоуп иахьыҵхыз Аиааира ашьаҭа! Иаанхаз хымш рыла аӷа шьҭахьҟа, Егры аӡиас ала инагоу аҳәынҭқарратә ҳәаа ахь дыԥхаҵан. Цәыббрамза 30 рзы Қырҭтәылеи Аԥсни ирыбжьоу аҳәынҭқарратә ҳәаа аҿы ишьақәыргылан Аԥсны абираҟ.