АЖӘАБЖЬҚӘА

28.Цәыббра.2025

Бадра Гәынба Лыхны Аԥсадгьыл ахьчараз иҭахаз Рмемориал амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭеиҵеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 28, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынбеи Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәааи Гәдоуҭа араион Лыхны ақыҭа иаҭааит.

Аҳәынҭқарра анапхгаҩцәа Лыхны ақыҭан Аԥсадгьыл ахьчараз иҭахаз ргәаладыршәеит, араҟа игылоу иҭахаз Рмемориал амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит, ҳәа иаанацҳауеит атәыла Ахада ипресс-маҵзура.

Иахьа Лыхны ақыҭан иаадыртуеит аиқәԥареи абокси рзы абаҩрҵәыратә зал ҿыц. Аиҭашьақәыргыларақәа ирылагеит лаҵарамза 18 рзы Аҳәынҭқарра Ахада Гәдоуҭа араион ашҟа иусуратә ҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны идиклаз аӡбамҭа инақәыршәаны. Арҽеиратә усурақәеи амаҭәахәқәеи рзы аҳәынҭқарратә биуџьет аҟынтәи 15 миллион мааҭ рҟынӡа ахарџь азоужьхеит.

 

 


Read 213 times - Амҽыша, 28 Цәыббра 2025 18:14
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.