АЖӘАБЖЬҚӘА

30.Цәыббра.2025

Бадра Гәынба Сергеи Кириенко диԥылеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 30, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынбеи Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иадминистрациа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои реиԥылара.

Аиԥылара иара убас ихы алаирхәит Москватәи аобласт агубернатор Андреи Воробиов.

Иалацәажәан авизит апрограмма — иазгәаҭан асоциалтәи аекономикатәи усхкқәа рыҟны азеиԥш проектқәа рынагӡаразы аԥхьаҟа иҟаҵатәу ашьаҿақәа.  

«Аиааира амш ҳара ҳзы иԥшьоуп, абри аҽны Шәара абра шәахьыҟоу ҳажәлар зегьы аиҩызареи аҳаҭырқәҵареи ирдырганы иахәаԥшуеит», – ҳәа иазгәеиҭеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада.

«Усҟан иеиуеиԥшым Урыстәыла арегионқәа рыҟнытә хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа хыԥхьаӡара рацәала Аԥсны жәлар иарӷьажәҩаны ирыдгылан. Ҳара ҳзы акраҵанакуеит иахьа Донбаси Новороссии рхьыԥшымразы ақәԥара анымҩаԥысуа Аԥсны аҵеицәа хыԥхьаӡара рацәала афырхаҵара аарԥшны иахьеибашьуа», – иҳәеит иара убас Сергеи Кириенко.

Аганқәа аԥсны-урыстәылатәи аусеицура арҭбаара ишазхиоу атәы рҳәеит, ҩ-ганктәи аизыҟазаашьа есааира аҿиара ишаҿу азгәаҭаны.

 


Read 71 times - Аҩаша, 30 Цәыббра 2025 16:37
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.