АЖӘАБЖЬҚӘА

12.Жьҭаара.2022

ИРЕИҲАӠОУ АӠБАРҬА АҾЫ ҚЬАМАЛ АРӠЫНБА ИШЬРА АЗЫ АШЬАУС ИАХӘАԤШРАНЫ ИҞОУП. АБХ.

Аҟәа. Жьҭаарамза 12, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахь ахәаԥшреи азыӡба адкылареи рзы инашьҭуп лаҵарамза 18, 2021 шықәсазы Аҟәа ақалақь аҿы иҟалаз Қьамал Арӡынба ишьра афакт ала ашьаусеилыргара, ҳәа иаанацҳауеит Иреиҳаӡоу аӡбарҭа апресс-маҵзура.  

Иарбоу аус ала, ашьаустә ҭакԥхықәра идҵоуп Баҭал Ԥлиа. Уи ахарадҵатә усбарҭақәа рыла Аԥсны Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷ  99, ахәҭа 2, апункт «ж» (гәыԥҩык ауаа заанаҵы рцәыҵацәажәарала иҟалаз ауаҩшьра), ахәҭаҷ       217, ахәҭа  2 (гәыԥҩык ауаа заанаҵы рцәыҵацәажәарала иҭҟьо амцабџьари уи аџьаԥҳани  изакәанымкәа аахәара, аиагара, аҵәахра, аныҟәгара), ахәҭаҷ 155, ахәҭа  4 апункт «б» аепизодқәа ҩба рыла, (гәыԥҩык ауаа заанаҵы рцәыҵацәажәарала иҟалаз ҷыдала шәагаала идуу аӷьычра), ахәҭаҷ  217, ахәҭа   1 аепизодқәа ҩба рыла, (иҭҟьо амцабџьари уи аџьаԥҳани  изакәанымкәа аахәара, аиагара, аҵәахра, аныҟәгара) ашьаустә ҭакԥхықәра идҵоуп.  

Баҭал Ԥлиа иҟаиҵаз аҳәарала уи иганахьала аусеилыргара амҩаԥгара х-ҩык аӡбаҩцәа злоу аӡбаратә коллегиа иадҵоуп.   

Ашьаус-процессуалтә закәанԥҵара инақәыршәаны, 14 мшы ирылагӡаны аӡбаратә коллегиа ахантәаҩра назыгӡо аӡбаҩ  иарбоу ашьаусеилыргара ала аӡбаратә еилатәара амҩаԥгара азы аӡбамҭа идикылароуп.  

Баҭал Ԥлиа ахара идӡам ҳәа дыԥхьаӡоуп, уи ихарадҵа  аӡбарҭа азыӡбамҭа ала азакәанмчы аиуит ҳәа ишьақәырӷәӷәахаанӡа.


Read 398 times - Ахаша, 12 Жьҭаара 2022 17:05
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.