«Даҽазныкгьы бзиала шәаабеит ҳәа шәаҳәо, инаҵшьны иазгәасҭарц сҭахуп ҳаиашьаратә еизыҟазаашьақәа. Ҳарҭ еснагь уи аҧхарра ҳныруеит. Ааигәа ҳара ҳаҟан Цхьынвал, Аахыҵ Уаԥстәыла Ареспублика 35 шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәатә усмҩаҧгатә ҳалахәын. Аишьцәа ишырԥыло еиԥш иаҳҧылеит ҳашьцәа ауаԥсаа.
Иацы еицазгәаҳҭоз аныҳәа ҳтәылеи ҳауаажәлари рзы ихадароу ҳәынҭқарратә ныҳәоуп. Ари аныҳәа алыршоуп аиааира иабзоуроуп, 33 ш. раҧхьа ҳадгьыл аҟны имҩаԥысуаз атрагедиа зымҩа иавамгылаз ауаа, зыҧсҭазаарақәа ирмеигӡаз аибашьцәа, ҳџьынџьуаа, хатәгәаԥхарала иҳавагылаз ҳашьцәа зегьы. Ари зегьы ҳзы иҧшьоу ныҳәоуп.
Ҳара ҳзы ҳаҭыр дууп ҳныҳәа ҳацеиҩызшо ҳааигәа иахьгылоу. Шәара ажәала акәымкәа ижәдыруеит аԥышәара хьанҭа аамҭа закәу. Ҳарҭ иаҳгәалашәоит шәара еснагь шәышҳавагылоу, ацхыраара шҳашәҭо.
Исҭахуп, Аԥсны Аҳәынҭқарра анапхгареи ауаажәлари рыхьӡала, Аахыҵ Уаԥстәыла Аресрублика Ахада Алан Гаглоеви ауаԥс жәлари гәыла-ԥсыла иҭабуп ҳәа рашәҳәарц.
Аҭагылазаашьа ҳхы иархәаны, Аахыҵ Уаԥстәыла Ахада Алан Гаглоев ианизыманшәалоу аамҭазы Аԥсныҟа ааԥхьара иаҳҭоит.
Иара убас Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит ҭоурыхла иҳабжьоу аиашьара анаҩсгьы, ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара активла аҿиарамҩа аҽахьарҭбаауа ишгәахәара дуу. Ҿырԥшы бзиак аҳасабала, аҳәынҭқарра Ахада иҳәеит, ибаџьтәым ахәаахәҭра абжьаҵаразы Аиқәшаҳаҭра анапы шаҵаҩыз Актәи Жәларбжьаратәи аекономикатә форум «Аахыҵ Уаԥстәыла. Аинвестициақәа ралаԥшҳәаақәа» аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Бадра Гәынба иазгәеиҭеит уи аусура аҩ-ҳәынҭқаррак рыбзазаразы акыр ишыцхыраагӡахо.
«Иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит аԥхарра зцу ҳаиԥыларазы. Ҳара ҳзы гәахәароуп ҳашьцәа шәыҟны ҳахьыҟоу. Ҳаигәырӷьоит Аԥсны аҿиарамҩа иахьану. Ҳарҭ ҳажәларқәа аҭынчреи аизҳазыӷьареи рахь ирымоу агәазыҳәара акуп»,- ҳәа иҳәеит Константин Џьуссоев.
Аахыҵ Уаԥстәыла аҧыза министр Аҧсны Ахада Аахыҵ Уаԥстәыла Ахада Гаглоев Алан ихьӡала аԥсуа жәлар зегьы аныҳәеи аихьӡарақәеи рзеиӷьеишьеит.