АЖӘАБЖЬҚӘА

06.Жьҭаара.2025

Шьаҭанкыла аргыларазы Аусбарҭа гәдоуҭатәи аполиклиника ахыбра аиҭашьақәыргылара иалагеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 6, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Шьаҭанкыла аргыларазы Аусбарҭа аспециалистцәа Гәдоуҭатәи араионтә поликлиника ахыбра ахыб шьаҭанкыла аиҭашьақәыргылара иалагеит.  Зынӡа 1535 квадраттә метр рҟынӡа ахыбратә материал ԥсахтәхоит.  

«Ҳара ҳаргылаҩцәа алашьцара  ирымнахаанӡа аус руеит, ақәоурақәа ирылагӡаанӡа аусура хыркәшатәуп. Аусурақәа хацыркын Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба инапынҵала. Ҳара апроект-харџьынҵатә документациа еиқәҳаршәеит, анаҩс Гәдоуҭатәи араионтә поликлиника етап-етапла аиҭашьақәыргылара ҳалагеит, аԥхьа иргыланы ахыбра аиҭашьақәыргыларала ҳалагеит.

Аобиект уадаҩуп, ахыбра аҭоурых-культуратә ҭынхақәа рсиа иалагалоуп. Иҟалар зылшо амшцәгьақәа ҳасаб азуны аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ҩымз рҟынӡа ирҭагӡахар ауеит», – ҳәа адырра ҟаиҵеит Шьаҭанкыла аргыларазы Аусбарҭа аиҳабы Демир Гамсаниа.


Read 51 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.