АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 2:25

Бадра Гәынба Владимир Путин иира Амш идиныҳәалеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 7, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Ахада Бадра Гәынба Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин Иира амш идиныҳәалеит.

«Ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иԥа! Аԥсны жәлар рыхьӡала, хаҭала сара сыхьӡала гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Шәира амш!

Шәара иналукааша ҳәынҭқарратә усзуҩуп, ҳаамҭазтәи ҳаҭыр зқәу аԥызацәа дуқәа шәыруаӡәкуп. Шәара шәҟәыӷареи, харатәи шәылаԥшҳәааи, хара инаԥшуа аполитик иаҳасабала имҩаԥыжәго аполитикеи ирыбзоураны, Урыстәыла иаԥсоу аҭыԥ ааннакылоит адунеи амчрақәа рыбжьара, жәларбжьаратәи ашәарҭадареи, аҭышәынтәалареи, аиашареи рус аҟны аҵак ду змоу алагала ҟаҵо.

Аԥсны жәлар  итабуп ҳәа шәарҳәоит иаашәырԥшуа адгылареи азҿлымҳареи рзы. Шәара хаҭалатәи шәлагаламҭа иабзоураны ҳтәыла ашәарҭадара алыршоуп, рынагӡара мҩыԥысуеит Аԥсны Аҳәынҭқарра аҿиараҟны алшара ҿыцқәа  аԥызҵо мҽхакыҭбаалатәи, акрызҵазкуа  асоциалтәи, аҵараиуреи, агәабзиарахьчареи, аинфраструктуреи рхырхарҭала апроектқәа.

Москва имҩаԥысыз Аиааира Ду 80 шықәса ахыҵра амшныҳәаҟны ҳаиԥылара гәыблыла исгәаласыршәоит. Усҟан иалыршаз аиқәшаҳаҭрақәа иахьа қәҿиарала рынагӡара мҩаԥысуеит, уи алҵшәақәа ҳтәылауаа ирымбарц залшом.

Ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иԥа, ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч, аҭакԥхықәра ду зцу аԥсадгьыл амаҵ аураҟны аихьӡара ҿыцқәа. Урыстәыла Ду ажәлар – аҭынчра, ахирра, аизҳазыӷьара.


Read 73 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.