АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 8:46

Ажьырныҳәамза 1 инаркны Аԥсны иреиҵаӡоу аулафахәы 20 000 мааҭ рҟынӡа инаӡалоит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 8, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны иреиҵаӡоу аулафахәы 20 000 мааҭ ыҟазароуп ҳәа ишьақәнаргылеит аминистрцәа Реилазаара.

Уажәы иреиҵаӡоу аулафахәы абиуџьетнҭыҵтәи аиҿкаарақәа рҿы 10 000 мааҭ рҟынӡа инаӡоит.  Уи азы ԥхынгәымза  28, 2022 шықәсазы иҭыжьыз «Мызкатәи иреиҵаӡоу аулафахәы  ахышәа-ҵышәа ашьақәыргыларазы» ақәҵара  аиҭакра алагалахеит.

2025 шықәса аԥхьатәи хәымз аихшьаалақәа рыла, ареспубликаҿы иреиҵаӡоу ахныҟәгаратә минимум аҩаӡара — 16 200 мааҭ ҳәа ишьақәыргылоуп, уи уажәы иҟоу иреиҵаӡоу аулафахәы аасҭа еиҳауп.

Афинансқәа рминистрра ԥхынгәымза 1, 2026 шықәса иахымгакәа аҳәынҭқарратә усбарҭақәа, аусҳәарҭақәеи аиҿкаарақәеи русзуҩцәа мызктәи руалафахәы еиҵаӡоу ахышәа-ҵышәа ашьҭыхразы ажәалагалақәа ахәаԥшразы аминистрцәа Реилазаара ахь анашьҭра азы анапынҵа аҭоуп.  

Ақәҵара азинмчы аиуеит 2026 шықәса ажьырныҳәамза 1 инаркны.

«Иарбоу аусшәҟәы еиқәыршәан, анаҩс ишьақәырӷәӷәан Аԥсны Аџьатә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 122 анагӡара иазырханы. Иарбоу ахәҭаҷ ишаҳәо ала, аминистрцәа Реилазаара астатистика аусхкы аҿы азинмчы змоу аусбарҭа ишьақәнаргыло адыррақәа ирықәныҟәаны еиҵаӡоу мызктәи аулафахәы шьақәнарӷәӷәоит. Уи ахныҟәгаратә минимум еиҵамзароуп», – ҳәа иҳәеит аекономика аминистр Ҭемраз Амқәаб.

«Уаанӡа иреиҵаӡоу ауалафахәы — 5 000 мааҭ ҳәа ишьақәыргылан, анаҩс 10 000 мааҭ ахь ишьҭыхын, ҩышықәса раԥхьа — 15 000 мааҭ ҳәа ишьҭыхын. Ҳазҭоу ашықәс азы, астатистиказы Аҳәынҭқарратә Еилакы адыррақәа рыла, 2025 шықәса 5 мыз рыла мызкы азы ахныҟәгаратә минимум 16 200 мааҭ рҟынӡа инаӡеит», – ҳәа иазгәеиҭеит аекономика аминистр.

Аекономика Аминистрра афинансқәа рминистрреи астатистиказы Аҳәынҭқарратә Еилаки русеицурала еиҵаӡоу аулафахәы 20 нызықь мааҭ аҟынӡа анагаразы апроект еиқәнаршәеит.

«Ақәҵара азинмчы аиуеит ажьырныҳәамза 1, 2026 шықәса инаркны. Аусдкылаҩцәа аамҭа роуроуп,  2-3 мыз рыла русзуҩцәа руалафахәы ашьҭыхра аҽазыҟаҵаразы», – ҳәа иҳәеит Ҭемраз Амқәаб.

Аԥыза-министр Владимир Делба аусхкқәа жәпакы рҿы бжьаратәла аулафахәы 20 нызықь мааҭ еиҳауп ҳәа иазгәеиҭеит.    

Иара аекономика аминистр аҭагылазаашьа иааиԥмырҟьаӡакәа ахылаԥшра аҭаразы анапынҵа иҭеит.  

«Аҭагылазаашьа ахылаԥшра аҭахуп, аиҭакрақәа алагалалатәуп, усҟан ииашоу ашәахтәқәҵарагьы ҟалоит, ииашаны аџьаԥса ашьақәыргыларагьы алыршахоит. Мамзар иахьа усхкқәак рҿы аулафахәы 50 – 60 нызықь рҟынӡа инаӡоит, егьырҭ аиҿкаарақәа рҿы иадырбоит 5 - 6 нызықь мааҭ, уи, ҳәарада, реалла иҟоу аҭагылазаашьа иақәшәаӡом», - ҳәа иҳәеит Владимир Делба.

 

 

 

 


Read 84 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.